Аџьа амч: Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа

Анапаҵаҩра
Есышықәса атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи Аԥсныҟа аусра иаауаз 4 нызқь-ҩык рҟынӡа инаӡон. Апандемиа ҟалеижьҭеи аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Уи иахҟьаны ареспубликаҿы ҩ-шықәса рыҩнуҵаҟа аусуцәа разымхара ыҟоуп.
Аԥсны иахьабалак, иарбан усхкызаалак рыҟны аусуцәа разымхара ыҟоуп. Аекспертцәа ишазгәарҭо ала, ауадаҩрақәа цәырҵит апандемиа аныҟала.
2021 шықәса фымз рыҩнуҵаҟа Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп 2 200-ҩык аҳәаанырцәынтәи иааз аусуҩцәа. Аԥсны аҳәынҭқарраҭә амиграциатә маҵзураҿы ашықәс нҵәаанӡа ари ахыԥхьаӡара 3 000-ҩык рҟынӡа иацлоит ҳәа иазыԥшуп.
Аусура иаауа амигрантцәа Аԥсны махәҿала аусура аҭыԥқәа рхарҭәаара анаҩсгьы, урҭ аҳәынҭқарра ашәахтә аларгалоит. 2021 шықәса аԥхьатәи азыбжазы амаҵзура аусура иаанашьҭыз аҳәынҭқарратә баџь 15 миллион 610 нызқьмааҭ артәеит. 2020 шықәсазы 34 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Иара убри аан, амегрантцәа Аԥсны иалыргоит имаҷымкәан аԥара. Аԥснынтәи 2019 шықәсазы Азиа атәылақәа рахь ишьҭын 800 миллион мааҭ аԥара, 2020 шықәсазы 596 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0