Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Езыгәба аԥхынтәи аԥсшьараамҭа шымҩаԥысыз иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Езыгәба аԥхынтәи аԥшьараамҭа амҩасшьа иазкны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан инхо, зхатәы сасааирҭа змоу Алиас Езыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аԥхынтәи аԥсшьараамҭа амҩасшьеи, уи ашьҭахь иҟаиҵаз алкаақәеи ртәы.
"Сынтәатәи асезон бзиан. Ауаа рыԥсҭазаараҿы уи ианымԥшыр залшомызт. Атурист дыздызкыло, аекскурсиа знапы алаку, ақыҭауаа уҳәа зегьы ирныԥшит. Акурортә сезон алҵшәақәа зыбзоуроу аҿкчымазара ауп, егьырҭ атәылақәа рахь аҳәаақәа ахьаркыз. Сынтәала зеиԥшла сара ссасаирҭа аусура атәы уҳәозар, асасцәа еснагь иҳаман, ҳаргьы ауаа рааԥхьаразы ибзиан аус ҳуит. Аха аԥхьаҟа ҳазхәыцроуп, ҳазыхиоума ҳара ас еиԥш есышықәса асасцәа рыдкылара асервис аганахьала. Ауаа азыҟаҵатәуп, ахәҳаахәҭра ҳара иҳацәтәымын, уи ауп имариам усны изҳадаҳкылогьы", - азгәеиҭеит Езыгәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0