Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистр Гагра араион амедусҳәарҭақәа ргәаҭара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание опершатаба по защите от коронавируса
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Анапаҵаҩра
Едуард Быҭәба Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа, Пицундатәи ахәышәтәырҭа, Гагратәи амедколлеџь, Гагратәи ПЦР-лабораториа дырҭааны игәеиҭеит.
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араион амедусҳәарҭақәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас дшьақәырӷәӷәоуп Индира Арсалиаԥҳа.
Аминистр иԥылараан Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит амедусҳәарҭа ауадаҩрақәа реиҳарак араион ахадара ишаӡбо.
Гагрская районная больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҟәшақәак еиҭашьақәыргылахоит
"Ахәшәтәырҭа аиҿкаара азҵаарақәа, автопарк ахарҭәаара уҳәа рыҟны ацхыраара ҳанаҭуеит араион. Аминистрра аганахь ала ацхыраара ҳәа иаҳҭаху аҟазауаа: ареаниматологцәа, ахирургцәа, акушерцәа, атерапевтцәа, апедиатрцәа рыла ҳаиқәыршәароуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Быҭәба иҳәеит аҟазауаа разыҟаҵара аганахь ала аусурақәа шымҩаԥысуа.
"Ари хымԥадатәиуп ҳтәылауаа рыԥсадгьыл аҿы рҽырхәшәтәларц азы", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы аковид аҟәшазы аус ауеит аҵәыҵәритә станциа, 24 - ҩык ачымазцәа ирызхаша, иқәгылоуп афымцамч агенератор.
Быҭәба ПЦР-лабораториа аҭагылазаашьагь гәеиҭеит. Ара есыҽны 100 ҭҵаарак мҩаԥыргоит, аха иаҭахханы иҟалар – 200 рҟынӡагь рымҩаԥгара алшоит.
Аминистр Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа астудентцәа дрыҿцәажәеит. Ара уажәы аҵара рҵоит 104-ҩык.
"Шәара уаҵәтәи амш азы ҳзықәгәыӷуа шәоуп. Аҵара даара ҭакԥхықәрала шәазнеилароуп. Иуадаҩу азанааҭ алышәхит. Даара иахьа Аԥсны шәаҭахуп. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара шәхықәкызар, ацхыраара шәаҳҭоит. Шәаныхынҳәлак шәыԥсадгьыл амаҵ азыжәулап", - иҳәеит Быҭәба.
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы аԥкаанҵа аиҭакрақәа аланагалеит
Едуард Быҭәба Пицундатәи ахәшәтәырҭагьы аусушьа гәеиҭеит. Иуадаҩра хаданы ара иҟоу ҳаамҭазтәи ацхыраара ласы амашьынеи арентген-аппарати рыҟамзаароуп. Аминистр иақәиргәыӷит аԥара шыԥшаахо арентген-аппарат аахәаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0