Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аминистрцәа реилазаара нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы аҳәынҭпрограмма аднакылеит

CC0 / / Ключи
Ключи - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит.
Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа роур ҟалоит:
Ацхыраара зауа акатегориақәа рахь иаҵанакуеит анхарҭатә ҭыԥқәа Аԥсны аҩнуҵҟа измамыз, иахьагьы измам аҭаацәарақәа;
Актәи агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызгьы;
Аибашьраан ма змаҵзурақәа рынагӡараан иҭахаз рҭаацәа;
Хҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхщо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа;
Зҭаацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа.
Аԥыжәара рырҭоит актәи, аԥшьабатәи, ахәбатәи агәыԥқәа.
Аӡәы ирҭо аԥара 500 нызқьмааҭ еиҳам, аҭаацәара алахәылак изы 100 нызқьмааҭ еиҳам, иааидкыланы аԥарашәара миллион мааҭ еиҳамхароуп.
Апрограмма мҩаԥысуеит ахнырҳәрадаратә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Зынӡа 80 миллион мааҭ азоужьуп, 40- 40 миллион мааҭ еихшахоит 2021 - 2022 ашықәсқәа рзы.
Нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы аҳәынҭпрограмма русура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.
Здание парламента РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2020
Анхарҭа, аусурҭа, амедицинатә цхыраара: адемографиатә закәан апроект иахәаԥшит
Ажәабжьқәа зегьы
0