Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны 1,3 нызқьҩык рҟынӡа ачымазцәа рыдыркылахьеит

© Foto / пресс - служба ЮВО Медики ЮВО выписали из мобильного госпиталя в Сухуме более 300 пациентов, вылечившихся от COVID-19
Медики ЮВО выписали из мобильного госпиталя в Сухуме более 300 пациентов, вылечившихся от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Анапаҵаҩра
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы аанызқь рҟынӡа ҭҵаара мҩаԥыргахьеит.
АҞӘА, жьҭаара 29- Sputnik. Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи арратә мобилтә госпиталь аҟны COVID-19 зыдбалаз 1,3 нызқьҩык рҟынӡа ачымазцәа рыдыркылахьеит, аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Уажәазы агоспиталь аҟны ишьҭоуп 98-ҩык ыҟоуп, зынӡа амедусҳәарҭа аҟнытәи илырҩаахьеит 343-ҩык.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь алабараториаҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, 3 нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә ҿкы ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа уаанӡа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟарҵаразы, ҩынтәны Аԥсныҟа иааиит 2021 шықәса нанҳәа 18 рзы.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. Ара шәҩык инарзынаԥшуа аус руеит бригада-бригадала рҽеихшаны.
Абхазия на карантине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0