Мурашко аҳәамҭа ҟаиҵеит "Спутник Лайт" аиҭалаҵаҟаҵаразы ахархәара аиуроуп ҳәа

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыездная вакцинация в салоне красоты в Новосибирске
Выездная вакцинация в салоне красоты в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Анапаҵаҩра
"Спутник Лайт" – ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу алаҵа "Спутник V" ирмариоу аверсиоуп, уи уахьчоит хԥа-фба мзы, ахаҳара 80% иҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Алаҵа "Спутник Лайт" ахархәара аиуроуп аиҭалаҵаҟаҵаразы, актәи алаҵа аныҟауҵо аҩкомпонентк уоуроуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Алаҵа "Спутник Лайт" хархәара аиуроуп аиҭалаҵаҟаҵаразы. Ҳара излаабо ала ауаа ироуа аимуннитет еиҳа ахаҭабзиара ҳаракуп алаҵаҟаҵара ҩ-етапк ианахысуа, убасҟан ауп еиҳа алҵшәа анбзиахо, агәабзиара еиҳа ахьчара аналшо", - ҳәа реиҳәеит Мурашко ажурналистцәа.
Абхазия на карантине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
"Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны иалагеит нанҳәа 10 инаркны. Жьҭаара 28 рызтәи аҭагылазаашьала уи рыларҵахьеит 3638-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Алаҵа "Спутник V" 30 000 доза Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп абҵарамза актәи ажәамш ирҭагӡаны. Алаҵа "Спутник V" Аԥсны аҵакыраҿы иҟазҵаз аршаҳаҭгеи ацифратә QR-коди роуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0