Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны апартиақәа рааԥхьара: ААРи аветеранцәеи реимак еилзырго рықәыӷәӷәара ҟалом

© Sputnik / Асмат Цвижба Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Анапаҵаҩра
Апартиақәа "Амцахара", "Аиҭаира", "Иаку Аԥсны", "Аԥсны Жәлар рыфронт", "Аԥсны акоммунисттә партиа, "Аԥсадгьыл", ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Абзанхара", "Ахьыԥшымра" , "Ҳара ҳаҩны – Аԥсны", "Аԥсны аҿар рфорум" ааԥхьара еицыҟарҵеит.
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Аԥсны аполитикатә партиақәа реидгылеи аиҿкаарақәеи ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи, Апарламент адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак еилзырго амчратә усбарҭақәа ақәыӷәӷәара рзыҟарымҵаларц.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рықәныҟәареи адемократиатә процедурақәа рыцәхьамҵреи иалдыршоит аиашамҩа иану ауаажәларра ашьақәгылара, усҟан ауп амчратә зин анагӡараани, атәыла аҿаԥхьа аибашьратә лшамҭақәа аныҟоугьы ауаа рзинқәа анеиламгахо", - аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Атекст аҿы иазгәаҭоуп, атәыла ахада Аслан Бжьаниа изныкымкәа ишиҳәахьоу иҟалаз аҭагылазаашьа азакәан аҳәаақәа дырхымскәа аилыргара шиҭаху.
Аԥсны аполитикатә партиақәа реидгылеи аиҿкаарақәеи Аԥсны ажәлар рахь аҳәара ҟарҵоит, еиҳа иҵарны иқәгылоу апроблемақәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыӡбаларц, избанзар апроблема ҽа ӡбашьа мҩак аҭара ҟалом.
"Аультиматумқәа, аршәара, аҵәаҵаҵара зынӡаск аҭыԥ рымамзароуп ҳәа иаҳшьоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Аԥсны
Аԥсны апрокуратура хада аибашьра аветеранцәа рхеилак еидгыла рҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира Аԥсны ажәлар ирнаҭеит алшара зых иақәиҭу адемократиатә ҳәынҭқарраҿы анхара. Ара аӡәы изинқәа даҽаӡәы изинқәа ирхыҳәҳәо ҟалашьа амамзароуп", - аҳәоит атекст аҿы.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат ажәҩанахь данхыс ашьҭахь.
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Ауҭҵаара мҩаԥысуанаҵы Дбар имаҵураҟынтәи аамҭала ихы дақәиҭтәуп. Аха аветеранцәа ари иақәшаҳаҭымкәа имаҵура зынӡаск ишьҭеиҵароуп ҳәа иқәгылоит. Абасеиԥш адҵаҟаҵара рыгәҭакуп дара абҵара 4 азы иҟалараны иҟоу аҿагыларатә акциаҿы.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
Аветеранцәа абҵарамза 4 рзы аҿагыларатә акциахь ишцәырҵуа рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0