Роспотребнадзор аексперт илҳәеит алаҵа змоу иҟынтә COVID-19 ашьҭкаара еиҳа иуадаҩуп ҳәа

© Sputnik / Магда Хибелли / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Венесуэле
Вакцинация от коронавируса в Венесуэле - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра анҵәамҭазы ВОЗ аҳәамҭа ҟанаҵеит акоронавирус аҟынтә аԥсыҭбарақәеи алаҵаҟаҵара мап ацәкреи еидҳәалоуп ҳәа.
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Алаҵа змоу иҟынтә COVID-19 ашьҭкаара еиҳа иуадаҩуп алаҵа змам иҟынтәи аасҭа, абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Г.Н. Габричевски ихьӡ зху Роспотребнадзор ФБУН МНИИЕМ адиректор ихаҭыԥуаҩ, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Татиана Руженцова.
"Уаанӡа алаҵа ҟазҵахьаз, аха ичмазцәахаз апациентцәа рҟынтәи аҿкы ухьыр алшоит, аха убри аан авирус ахыԥхьаӡара акыр еиҵоуп, аамҭагьы еиҳа икьаҿуп алаҵа змам рҟынтә ианышьҭукаауа аасҭа. Убри аҟынтә алаҵа змоу иҟынтә ачымазара аиура еиҳа иуадаҩуп", - лҳәеит лара.
Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Гинцбург: аковидшьҭахьтә синдром аан алаҵа апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит
Урыстәыла акоронавирустә инфекциаҟынтә хә-лаҵак ҭыжьуп: "Спутник V", "Спутник Лайт" (Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ), "ЭпиВакКорона", "ЭпиВакКорон-Н" (Роспотребнадзор ацентр "Вектор"), "КовиВак" (РАН. Чумаков ихьӡ зху ацентр).
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, иажәақәа рыла, алаҵа змоу COVID-19 хьанҭаны изхызго рхыԥхьаӡара 0,03 процент роуп иҟоу ҳәа. Еиҳарак ичмазаҩхо алаҵа змам роуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0