Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет иҭалар рылшоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковские старшеклассники переходят на дистанционное обучение
Московские старшеклассники переходят на дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Анапаҵаҩра
Россотрудничествеи Алада-Мраҭашәаратәи аҳәынҭқарратә университети аус еицадыруылеит урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет аплатформа.
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет иҭалар рылшоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Михаил Масаев.
Урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟны аус аулоит. Ари Россотрудничествеи Алада-Мраҭашәаратәи аҳәынҭқарратә университети ргуманитартә проект ауп.
Всероссийский географический диктант в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало аԥснытәи абитуриентцәа аквотаз аҭаҩра иахысроуп
“Ауниверситет аԥсабара-ҭҵаарадырратәии атехникатәи хырхарҭа амоуп. Аҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет аҿы ахәыҷқәа ирҵалоит: аматематика, афизика, ахимиа, акосмос, атехникатә дисциплинақәа уҳәа. Урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет аҿы ахәыҷқәа аинформациа ҭбаа роулоит, рызҵаарақәа рҭак ҟанаҵалоит. Арҵаҩцәа реилазаара акәзар реиҳарак профессортә еилазаароуп”, –иҳәеит Масаев.
Ауниверситет ахь ирыдыркылоит х-ҩаӡаракны: 7 - 9, 9 – 11, 11 - 14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. Россотрудничесто ахаҭарнак иажәақәа рыла, ауниверситет аҿы аҵаразы ахәыҷы ииҭаххоит акомпиутер, асмартфон ма апланшет.
Урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет аҿы аҵаразы RCHU.ORG асаит аҿы аҽҭаҩреи, анкета ахарҭәаареи аҭахуп.
"Уажәазы аҭаацәа рҟынтәи арзаҳалқәа еизыргоит. Уи азы асаит аҿы анкета харҭәаатәуп. Аҵара ԥхынҷкәын азы иалагар ҟалоит. Акурсқәа аԥара рхыршәаауеит ", — иҳәеит Михаил Масаев.
Россотрудничество ахаҭарнак иҳәеит ауниверситет итрадициатәу ашкол шамԥсахуа, ахәыҷқәа абжьаратә школқәа рҟны ироуа адыррақәа ханарҭәаауеит.
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Урыстәыла аҳәаанырцә студентцәа рзы агрантқәа аларгалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0