Песков иҳәеит ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа Путин дшазыҟоу атәы

© Sputnik / Владимир Баранов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Московский Кремль с Большого Каменного моста.
Вид на Московский Кремль с Большого Каменного моста. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа агәҭынчымра изцәырнагоит, абас аҩуеит РИА Новости ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Еиду аштатқәа Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа агәҭынчымра инаҭом, уи атәы иаартны иҳәеит", - иҳәеит Кремль ахаҭарнак азҵаара аҭак ҟаҵо.
Облет акватории Черного моря в дни учения стран НАТО Sea Breeze-2019 - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2021
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит
Песков иажәақәа рыла америкатәи аӷбақәа урыстәылатәи аҳәаа рзааигәахара азхьаԥшра аҭахуп, аха макьаназы атәылақәа рхадацәа русбарҭақәа рыбжьара аинырра ыҟам.
Амшын еиқәаҿы иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагара рҳәеит Урыстәыла ААР аҿгьы.
"Иҟарҵозеи Амшын еиқәаҿы америкатәи аӷбақәа? Ртәыла зықь кьылометра иацәыхараны. Акгьы узахҳәаауам. Ари иаанаго амца алахәмарроуп. Ари ҳара ҳгәаҭароуп иззырхоу", - иҳәоит Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.
Иара иажәақәа рыла Москва аҭагылазаашьа еилнакаауеит, аҭак аҟаҵарагьы иазыхиоуп.
Репетиция парада Победы в Алабино - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: НАТО аҳаирпланқәа Амшын еиқәа лассы-лассы иахыԥраауеит
НАТО аԥшыхәратә авиациа аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла аҳәаа рҽазааигәатәны Амшын еиқәа арегион аҿы иԥыруеит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Атәылахьчара аминистрра.
Иазгәаҭоуп арра-мшынтә мчрақәа, аҳауатәи амшынтәи ԥшыхәра рхархәагақәа иара убасгьы астратегиатә авиациа активла рхы шымҩаԥырго.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла аракетатә ар НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ԥшьба мҩаныргеит.
Флагманский корабль шестого флота США Mount Whitney в порту Таллина - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Лавров НАТО Амшын еиқәаҿы абазақәа раартраз агәҭакы ахәшьара аиҭеит
Аԥшыхәратә ҳаирпланқәа U-2S, RC-135 апатрультә ҳаирпланқәа P-8А Poseidon рыԥырра мҩаԥыргон Урыстәыла аҳәаа ааигәара.
Уаанӡа Амшын еиқәахь иҭалеит ЕАА афбатәи афлот афлагман Mount Whitney, аесминец Porter арратә ҽазыҟаҵарақәа рзы. Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәоит арҭ аӷбақәа хылаԥшра шрырҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0