Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара

© Sputnik / Томас Тхайцукацәаӷәара
ацәаӷәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Анапаҵаҩра
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара атәы инарҭбаан НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҽаҩра анцәахәы ҳәа иаҳа ажәлар рҿы ирдыруа Џаџа лоуп. Аха Џаџа длеиԥшны Анаԥа-Нагагьы ауҭраҭыхи аарыхреи дрынцәахәны дыԥхьаӡоуп. Анаԥа-Нага џьоукы дхаҵазшәоуп ишихцәажәо, аха даҽа џьоукы уи дыԥҳәысуп рҳәоит.

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2020
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Аха ари анцәахәы изкны ианцәажәо "лара" шырҳәо ала, насгьы ауҭраҭыхи аарыхреи рҟны аԥҳәыс лроль шеиҳаз ала анцәахәгьы дыԥҳәысуп уҳәаратәы иҟоуп ҳәа азгәалҭон аетнограф Лили Акаба. Уи ишылҩуа ала, "Анаԥа- Нага" - "ажәла аазго ан" ("мать, приносящая просо) аанагоит. Атермин "Нага" атәы ҳҳәозар, аиндуизм аҟны иаанагоит "амаҭ" (букв. "Змий") - зыбжа уаҩны зыбжа маҭны иаарԥшу мифологиатә персонажуп, уи ауаҩы изыбзиахар, мамзаргьы изыцәгьахар ҟалоит.

Анаԥа-Нага иазку аныҳәаразы аматериалқәа иҳамоу маҷуп, избанзар ари акульт ԥсыҽхеижьҭеи, ирхашҭижьҭеи акрааҵуеит. Иазгәаҭатәуп, Џаџа илызку аныҳәара аҽаҩрақәа зегьы ианҭаргалалак ашьҭахь акәзар, Анаԥа-нага иазку аныҳәара анымҩаԥыргоз ааԥынразы адгьылқәаарыхра рҽаназыркуаз аамҭазы ауп. Аныҳәараангьы ари анцәахәы аӡбахә шырҳәоз Аиҭар иҵанакуа анцәахәқәа дыруаӡәкны.

Аетнограф Григори Чурсин ианиҵаз аматериал ишаҳәо ала, аныҳәаҩ дныҳәон абас еиԥш: "Уара Аиҭар ду ихәҭа ду, уаҳзылԥха! Иҳаҭ убас еиԥш аџьықәреи, ианҭаҳгало ҵәаҳәла ирхәаны, еигәышәла иԥаҳҟаратәы" ҳәа. Абас ҳәаны ажәла карҟьон. Аетнограф Иван Аџьынџьал иҭҵааратә усумҭаҟны ишиҩуа ала, Анаԥа-Нага иазку аныҳәара аҭаацәарақәа рҟны имҩаԥыргон ааԥын, ԥшьашак аҽны. Анаԥа-нага иҳәон (илыҳәон) аҽаҩра беиа роурц азы. Ӡатәс уи азы иҟарҵон икәымпылны иҟаҵаз акәакәарқәеи ихагьежьааны ирҟьаҟьаны иҟаҵаз акәакәарқәеи.

Ҳаамҭазы еиуеиԥшым аԥсуа хьыӡқәа аалыҵқәа ирыхьӡырҵоит. Урҭ еиуеиԥшым ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рҟны иуԥылоит абас еиԥш ахьӡқәа рыҭаны: аџьыка "Амца", ачаи "Риҵа", "Аԥсуа чаи", ашәырқалмышь "Аԥсуа баҳча", ашәырӡы "Алакә", аҩқәа: "Лыхны", "Чегем", "Амра", "Аԥсны", "Радеда" уҳәа убас иҵегьы.

Аиҳарак шанырҵо урыс бызшәалоуп урҭ Аԥсны анҭыҵгьы ишырҭиуала. Аха иҳамҳәар ауам аԥсуа хьӡқәа зегьы аурысшәахь ишузыиамго, урыс нбанла ианануҵалак уи аҵакы ацәыӡуеит, акагь амҳәо, иаанагогьы узеилымкаауа иҟалоит. Убас аҵакы узеилымкаауа иҟалеит аԥсуа ҩы ахьӡ "Напа-Нага" ҳәа зынҵаны аҭирҭахь инаргаз.

Ӡиуауа – акьанџьа аӡы аҭара, мамзаргьы ақәа аруразы аныҳәа

Ацәажәараҿы "Наԥа- Нага" ҳәа рҳәалоит, аха Адунеитә мифологиатә жәар аауртыргьы иубоит иара ахьӡҵәҟьа "Анаԥа-Нага" (урыс шәала "Анапа-Нага") ҳәа ишану.

Еиҳа еиӷьуп ҳәарада ишаԥсышәоу мацара иуыҩуазар, избанзар урҭ урыстәыла ақалақь мацарақәа рыҟны акәым, аиҳарак уа шакәыгьы, аҳәаанхыҵ иргогьы ыҟами (уа аурысшәа иаҳа аус ауама?!).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0