"Шьхацани шьхалбаани" – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи

© Sputnik / Анжелика БенияИзготовление сыра
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы арахәааӡара иадҳәалоу аныҳәарақәа уаанӡа ишымҩаԥыргози, иахьа урҭ рҟынтә еиқәхази дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодоуаԥҳа, Sputnik
Гәыҧ ақыҭанхаҩ Аркади Қапба дхәыҷаахыс иҩнаҭа ашьамаҟа, аҧсаса агмызт. Уи даныхәыҷыз инаркны иҭаацәа дрыцны ашьха дхалон, ахьчацәа рус ишазыҟазгьы жәабжьеиҭаҳәарала акәымкәа лабҿаба избоз, уи атрадициа иалааӡаз дреиуоуп.

Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

Есышықәсеиҧш сынтәагьы ирахә иманы Кәын иашҭаҿы дыхьчон. Иара иҩызцәа ахьчацәагьы иаргьы аҭыҧ ылхны иахьрымоу Қапаа рҭыҧ ҳәагь азырҳәо иҟалеит.

"Саб иҧсы анҭаз ашьха ахалара бжьаижьӡомызт, иҭаацәагьы игон, агәылацәа еиццон. Ҭыҧк ылхны ирыман, есымшагьы убра иаангылон азы Қапаа рҭыҧ рҳәон, убас иагьахьӡхалеит. Соиҧсарагьы ҳанхало ыҟоуп", – ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аркади Қапба.

Аҧсуаа арахәааӡара рыҧсабара иахьалоу аҟынтәи иара акалендартә аамҭагьы шьхацани шьхалбаани ҳәа еихыршоит. Уи иун мза инаркны октиабр анҵәамҭанӡа аҵанакуеит. Ари аамҭа урҭ традициала рҽазыҟарҵоит, ажәытәан имҩаҧыргон еиуеиҧшым ақьабзқәа, иахьа урҭ рҟынтәи иаанхаз ҳәа шамахамзар акгьы ыҟаӡам, уарла-шәарла ашьхақыҭан инхо аӡәы акы игәаламшәозар.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Аԥара дук узыҟаҵаӡом: шьхацан иацу абарақьаҭреи, аџьабааи

Аҧсуаа рытрадициа ари аганахь ала ишбеиаз аанарҧшуеит урҭ рынцәахәқәа. Зегь иреиҳабу Аиҭар иоуп – арахә рынцәахәы (мамзаргьы аҩнытә ҧстәқәа рынцәа). Уи бжьыџьара иҽишоит ("Уа, Аиҭар, Бжь-Аиҭар, уылҧха-угәыҧха!" рҳәоит ианныҳәо): Жәабран – ажәқәа рынцәахәы, Џьабран – аџьмақәеи ауасақәеи (аҧсаса) рынцәахәы, Мқамгариа (Ақамгариа, Сқагариа) – акамбашьқәа рынцәахәы, Аҽышьашьан (Аҽы-шьашь) – аҽқәа рынцәахәы, Алышькьынтыр – алақәа рынцәахәы, Ацыхь – ацыгәқәа рынцәахәы, иара убас Григори Чурсин ишиҩуала, аҧсуаа аҳәақәа ирацәаны ианҵаны ианрымаз уи анцәахәгьы дыҟан, аха уи ихьӡ арбаӡам.

Ҳа ҳзыҿцәажәоз аҭаацәара ишаҧу еиҧш, ашьха ианхало иныҳәоит машәыр рықәымкәа илбаарцаз, рырахә-рышәахә еизҩыда иҟаларц, аха изымҵаныҳәо анцәахәы ҳәа аӡәы ихьӡ рҳәо ҳгәалашәом рҳәоит, урҭ Анцәа иахь рхы нарханы ауп ишныҳәо. Аркади Қапба ишиҳәаз алагьы, урҭ аҩнаҭа аҭаацәа роуп ирықәныҳәаны амҩа иқәызҵогьы.

© Фото : Қапаа рҭаацәаратә архив аҟынтәАркади Қапба имоҭеи иареи
Шьхацани шьхалбаани – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи - Sputnik Аҧсны
Аркади Қапба имоҭеи иареи

"Аҧхын аҧхьатәи амза анҵәамҭазы ҳхалоит, сентиабр анҵәамҭахь ианнеиуа ҳалбаауеит. Ара аҩны ҳандәылҵуа ус, "ашьха алыҧха" ҳәа ҳныҳәаны амҩа ҳақәлоит, амҩабжаранӡа ҳнаскьаргоит ҳҩызцәа-ақыҭауаа".

Ашьхашә - Sputnik Аҧсны
Ахш, ашә, ашәчырҳә: шьхацан абарақьаҭра

Иазгәаҭатәуп, арахә рынцәахәы Аиҭар изкны раҧхьатәи аетнографиатә нҵамҭа ҟазҵаз Соломон Ажәанба иҩуеит: Аиҭар изкны аҧхынтәи амшқәа руак азы, сабшак аҽны, арахә рыманы ахьчацәа ашьха ианхалоз аныҳәара мҩаҧыргон ҳәа. "Ахш-лых ақашь иазыркуан. Қашьла иҭәыз ачуан иакәшаны игылон аҭыҧ еиднакылоз ахьшьцәа зегьы. Урҭ реиҳабы ибжьы ҩҭыганы Аиҭар диҳәон рырахә иазирҳарц, агыгшәыгқәа ирцәихьчарц. Нас уи ақашь рфон." – ҳәа иҩуеит иара. Иуадаҩуп аҳәара "ахш-лых ақашь" ҳәа аетнограф зыӡбахә имоу. Григори Чурсин иакәзар, арҭ ажәақәа ирыцҵо иазгәеиҭоит шьхацан азы, ахьча ирахә иреиӷьыз ауаса-шьтәа аарылхны Аиҭар изкны дныҳәон ирахәгьы иаргьы еибга-еизҩыда ашьха ихаларц ҳәа. Ҳара ҳинформант Аркади Қапбагьы ак шьны дныҳәоит иара аҭыҧ аҿы ианхалалак.

"Уа ҳанннеилак, аҭыҧ аҟны ҧшь-шьапык зҵоу ак шьны сныҳәоит ҳарахәгьы ҳаргьы ҳаибга-ҳазҩыда ҳалбаарц ҳәа. Нас, шьхалбаан азы, ҳанылбаауа, ани ҳнаскьазгоз рхәы – ашьхашә рзааҳгоит. Ашьха ҳахьыҟаз џьара шәарахк ҳшьызаргьы уигьы рыхәҭаа ааҳгоит".

Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

Ажәытә ари аныҳәара анымҩаҧыргоз адгьыл аҿы итәаны акәын акыршырфоз, афатә аҵламахәҭақәа рҿы ихыршьуан: уи адгьыл, ма аишәа иқәырҵар ҟаломызт, иҵасмызт. Иара аныҳәара "ахыхьтә" ҳәа ахьӡын ҳәа иҩуеит аетнограф Григори Чурсин иматериалқәа рҟны.

"Аҭыҧ аӷәы иалхны иҟаҳҵоит, аҧса, ма ашә-ҵла. Ҩ-ҿаҧаракны ишоуп: акы – акрахьаҳфо, ахш, ашә ахьыҟаҳҵо асура, егьи – ҳахьышьҭало, ҳахьыцәо. Нас, амҩаныфа шьҭаҳхуеит ачалых, џьара цыфак нацҵаны. Ашыла, аџьыка, аца (ашә злахырхуа) ҳгоит" – ҳәа ациҵоит Аркади Қапба.

Иҟалап ақыҭақәа рҟынтәи ақалақь ахь ицо ауаа ахьырацәахаз, ақыҭақәа ҭацәуа иахьалагаз азакәзар, урҭ рыбзазара иадҳәалаз ақьабзқәагьы иаҳа-иаҳа изыӡуа. Иара арахә змангьы ашьха ихало уажәтәи ҳаамҭазы зынӡаск имаҷуп. Аҧсаса, ашьамаҟа, ауахьад шәкы, ҩышә хы инеиҳаны ирзанызҭгьы, уажәы 10-20 хы ауп ирымоу, зегьы ианреиҳаха – 30–50, иара уигьы аӡәык-ҩыџьак. Иџьашьатәӡам, ас еиҧш аҭагылазаашьа шыҟалаз ала, иара Анцәахәы – Аиҭар–Бжь-Аиҭар уажә дызгәалашәо ҳәа аӡәгьы дахьыҟам. Ианныҳәогьы досу иидыруала, стандартә формуланы ишьақәгылоу ала акәымкәа, импровизацианы ауп ишныҳәо. Уаанӡа акәзар, афольклорист Сергеи Зыхәба ишиҩуала, еснагь (формулак аҳасабала) излалагоз аныҳәара абарҭ ажәақәа рыла акәын:

"Уа, Аиҭар – Бжь-Аиҭар! Быжь-ныхак знапы иану, бжьы-цәымзак зызкыдырҵо! Ҳарахә урхылаҧш! Убыс ирыззырҳа, быжьҩык реидара ахш рымҵлартә! Ҳаргьы ҳарахәгьы цәгьара ҳзааумган, ҳарахә рхәыжәи руаци рыда ҧхасҭа ҳаумҭан!".

Аҭәҳәа ҟазҵо, урҭ ҿырҳәала иҵаны ишырҳәо еиҧш, ари аформулагьы шьхацани шьхалбаани рзы зырахә еизҳарц ирықәныҳәо, ари аныҳәара ҵаны ирҳәалар ҟалоит. Абарҭ ажәақәа аниҳәалак ашьҭахьгьы дарбанзаалак иныҳәо иара ихатә импровизациатә жәақәагьы нациҵоит.

© Sputnik Леон ГәниаИтрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа
Шьхацани шьхалбаани – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи - Sputnik Аҧсны
Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа

Ажәабжьқәа зегьы
0