Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаажәларратә палатаҿ иалацәажәеит аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан аиҭахәаԥшра шаҭаху

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпектакль "Сад" в электротеатре "Станиславский"
Спектакль Сад в электротеатре Станиславский - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа атәыла амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа, азиндырыҩцәа, адепутатцәа ирԥылеит. Анаҩс ргәы иҭоуп Апарламент ахь азакәан "Агәабзиарахьчаразы" аиҭакрақәа алагалазарц ааԥхьара ҟарҵарц.
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Абҵара 16 рзы Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿ иалацәажәеит аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан аиҭахәаԥшра хымԥада ишаҭаху.
Арахь иааԥхьан атәыла амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа, азиндырыҩцәа, адепутатцәа. Аха апалата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа лажәақәа рыла, Апарламент адепутатцәа аилацәажәарахь имнеит еиуеиԥшым амзызқәа ҟаҵаны.
"Аха ҳара уи ҳааннамкылеит. Аилацәажәара мҩаԥаагеит", – лҳәеит Кьычԥҳа.
Аилацәажәара азкын 2016 шықәса раахыс аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо "Агәабзиарахьчаразы" азакәан аиҭакрақәа ралагалара азҵаара Ахантәаҩы ишылҳәаз ала, азакәан адискриминациатә ҟазшьа аанарԥшуеит аԥҳәыс лганахьала, аиҳаракгьы амедицинатә ҵаҵӷәы ма асоциалтә ҵаҵӷәы иахырҟьаны аԥҳәыс ахшароура анлылымшо.
Беременная женщина. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Ауаажәларратә палата аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан аиҭакрақәа алагалара аԥшьыргоит
"Ҳара ҳгәаанагарала, ари уаҩрам. Ари аус иаалырҟьаны ҳазлацәажәо акакәым. Изныкымкәа иҩынтәымкәа зцәа зтәым аҳәса ҳадҵаалахьеит – УЗИ аҿы аҽырбгарада аҽа мҩак рымамкәа изнарбаз. Аха ара аҽырбгара рзалыршом. Аҳақьымцәа ари аус мап ацәыркуеит, арахь ангьы ахшарагьы рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара ианҭагыло ыҟоуп. Аԥҳәыс лзинқәагьы ирықәыӷәӷәоит ари аҭагылазаашьа", – лҳәеит Кьычԥҳа.
Аилацәажәара иалахәылаз рҟынтә ирацәаҩуп азакәан ариашарақәа аҭахны избо.
"Иазгәаҭан, аҳәара мацара акәымкәа азакәан аиҭакразы адҵаҟаҵара шаҭаху. Ари зыда ԥсыхәа ыҟам усуп", - ҳәа азылыԥхьаӡоит лара.
Гәыли Кьычԥҳа лажәақәа рыла, Ауаажәларратә палата алахәылацәа атәылаҿ адемографиа аизырҳара иадгылаҩцәоуп, аха азакәан уи аҿы хәарҭарак аланы иҟам.

"Ҳәарада, зегьы иаҳҭаху ҳаиҵаҩҩы ҳаҟазар ауп. Аха арҭ ашықәсқәа иаҳдырбеит азакәан уи аус хәарҭара шанамҭо. Уи акәым, еиҳагьы илаҟәуа иалагеит ахшароура. Иаҭаху - аҭаацәарацәа ацхыраара рыҭароуп, ахшароура агәазыҟаҵароуп, аԥҳәыс ахшара иоура лҭаххартә, иԥеиԥш дацәымшәартә лыцхраароуп. Аҽырбгара азин ҟарҵом, арахь иршәо аԥара шыҟоу иааныжьуп. Асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәаҩуп ацхыраара иаҳәо ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа. Арҭ зегьы ирылацәажәан", - ҳәа лҳәеит Кьычԥҳа.

Гәыли Кьычԥҳа илҳәеит апалатаҿ ишазԥхьагәаҭоу иааиуа амчыбжь азы ауаажәларратә усзуҩцәа, амедусзуҩцәа, адепутатцәа рԥылара. Абри ашьҭахь Апарламент ахь ашәҟәы нашьҭхоит азакәан аԥсахразы.
Аԥҳәыс лҽырбгаразы ариашарақәа зцыз "Агәабзиарахьчаразы" азакәан Апарламент аҟны ирыдкылан ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәса рзы. Аԥҳәыс аҽырбгара азин лызымҭо азакәан ариашарақәа атәыла ахада инапы рыҵаиҩит 2016 шықәсазы.
Ареспубликаҿы азин ыҟам амедицинатә рбагақәа рылагьы аԥҳәыс лыҽлырбгар.
Ауаажәларра рҿы азакәан еиԥшны ирыдрымкылеит. Изныкымкәа аиҭакрақәа аҭахуп ҳәа иалацәажәан. 2018 шықәсазы Апарламент VI ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит азакәан хықәкны иамаз адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра акәын, аха адепутатцәа ари аҩыза аӡбамҭа адкылара иахыццакит ҳәа. Аимак-аиҿак шыҟоугьы, адепутатцәа ари азҵаара макьана иазыхнымҳәыцт.
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Аԥсны
Аԥсны ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп уажәтәи аамҭа 2020 шықәса иаҿурԥшуазар
Ажәабжьқәа зегьы
0