Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥҳәыс лыԥсы аиқәырхара аԥхьагылара аман, мгәарҭа иҭаз иаасҭа…

© Sputnik / Павел ЛьвовВедение беременных
Ведение беременных - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс лҽырбгаразы азин ҟазымҵо "Аԥсны агәабзиарахьчаразы" азакәан аиҭахәаԥшреи иааидкыланы ари аӡбамҭа дшазыҟоуи ртәы дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иахьа ишьҭысхуа атема ԥсышәала алацәажәара уамак иманшәалам. Ҳара традициала ус еиԥш иҟоу атемақәа рылацәажәара уамак иаҳҟазшьам. Ус акәзаргьы, иахьа иактуалтәны иқәгылоу, аԥҳәыс лҽырбгара (аборт) атема, иагьа ҳҽахаҳгаргьы, ҳзацәцаӡом.
Коӷониаԥҳа: аԥҳәыс лыԥсы аиқәырхара аԥхьагылара аман, мгәарҭа иҭаз иаасҭа
2015 шықәса анҵәамҭазы Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит аҽырбгара азин аанкылара атәы зҳәо азакәан, акызаҵәык, мгәарҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵуа аԥҳәыс данлымырхуа азин ааныжьны. Убри аан, иазгәаҭатәуп, ҳгәыларатәи аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Урыстәылеи Қырҭтәылеи, раԥхьатәи амчыбжьқәа раан аҽырбгара азин ыҟоуп, иара убас еиуеиԥшым агәамбзиара иадҳәалоу аҷыдарақәа азгәаҭаны. Асовет Еидгыла иалаз аҳәынҭқаррақәа рахьынтәи Аԥсны заҵәык ауп аҽырбгара азин ахьыҟам. Ари азакәан ахацыркра адемографиатә зҵаарақәа, насгьы имиц, мгәарҭа иҭоу ахәыҷы изинқәа рыхьчара аҳаҭыраз ҳәа ҿарԥас иаман.
Беременная женщина - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2019
Аԥҳәыс лыпату
Ари зыҩуа схаҭа машәырла мгәарҭаҿы еиқәхаз соуп. Сан исзеиҭалҳәахьан саҳәшьаду лыбзоурала сшаанхаз. Ҳара ҳаҩнаҭаҿы ахшара рацәаҩын, сан уамак илҭахымызт абыжьбатәи ахшара длоурц. Саҳәшьаду аҳақьым заа диацәажәан, "уажәшьҭа бахыԥеит, азин ыҟам" ҳәа мап лцәикит. Убри иабзоураны сара адунеи сықәлеит. Есқьынагьы сазхәыцуан ари ахҭыс. Аԥсҭазаара бзиа излазбо ала, зыбзоурала сеиқәхаз еснагь иҭабуп ҳәа ласҳәон. Абри ажәабжь ансаҳа инаркны аҽырбгара, мгәарҭа иҭоу ишьра ихәымгоу усны сахәаԥшуан. Аха... Аха анаҳҳәо иҟоуп ҳгәы еихьызшьуа. Азакәан аԥызҵоз адепутатцәа азымхәыцит ишыҟоу еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа, аԥҳәыс лгәабзиара ашәараҭара ианҭагылоу, мамзаргьы мгәарҭа иҭоу ихаҭа аԥсҭазаараҿ знышәара уадаҩу ачымазарақәа имазарц шауа, иара убас иазымхәыцит асоциалтә аспект.
Иахьа ахшара зааӡо ироуа ацхыраара зламаҷу ала, азакәан аԥҳәыс аҽырбгара азин анлымнахуа уамашәа иубоит. Ари азакәан аус аура ианалага инаркны аимак-аиҿак рацәаны иахылҵит, аха адепутатцәа уи аиҭахәаԥшра иазхьамԥшит. Асоциалтә ҳақәа рҿы иаҳбалоит аҳәса ранҵамҭақәа, дара ауадаҩрақәа роуеит аҽырбгара азҵаараҿы, уи аӡбара араҟа ирылшом. Иџьашьахәуп даҽа ганкахьала, азакәан аԥызҵоз зазымхәыцыз алшара змоу аҳәса егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ицаны аҽырбгара шрылшо, зылша маҷу, ахшара рацәа змоу шракәу ауадаҩрақәа ззынхо.
Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2019
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны
Аҩаша, абҵара 16 рзы Ауаажәларратә Палатаҿы абри азҵаатәы шьҭырхит. Сара слазҵааит уи ахада Гәыли Кьычԥҳа, избан абри алкааны шәзалацәажәазеи ҳәа. Рыхьӡ лымҳәеит, аха Кьычԥҳа ҳаицәажәараҿы иазгәалҭеит дара ирыдҵаало аҳәса шырацәоу, ари азакәан аԥҳәыс лгәабзиара ашәарҭара ишҭанаргыло ларгьы ишылбарҭоу. Асовет аамҭақәа ҳрызхьаԥшуазар, аҽырбгара азин ыҟан мгәарҭа иҟоу ахәыҷы ихыҵуаз анмаҷыз, мамзаргьы даҽа рбагақәак аныҟаз. Аҳақьым бзиа аԥҳәыс еснагь аҽырбгара мап ацәылкырц лабжьигон, аха лара лгәаҳәара иазхәыцуан.
Беременная женщина. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Ауаажәларратә палата аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан аиҭакрақәа алагалара аԥшьыргоит
Иҟан иара убас зықәра наӡам, мамзаргьы зцәа ԥырҽыз аҭыԥҳацәа андырбгоз зцәа зтәымыз лгәаҳәара иазымҵаакәангьы. Ахьӡи ахьымӡӷи рызҵаараҿы аҳра агон ауацәа рҳәатәы. Акымкәа, ҩбамкәа схаҭа сызхаану ахҭысқәа ртәы сҳәозар, раԥхьатәи аҽырбгара иахҟьаны наунагӡа урҭ аҭыԥҳацәа рлахьынҵақәа ҿаҟәаны иаанхон. Анаҩсан аҩнра ҳәа ицазгьы ахшаа дроуамызт шамаха.
Иҟан акриминалтә ҟазшьа змаз арбгарақәагьы, иаҳҳәап, аҳақьым иакәымкәа, ԥсыуа хәшәла зыбаҩ зтәымыз дандырбгоз. Уи аԥсыҭбарақәа анацызгьы ҟалалон, ашьауӷа усгьы анхацдыркхьаз сгәалашәоит. Абарҭ аҭоурыхқәа ансаҳауаз, аҽырбгара уаҩшьраны исыдыскылон, аха убри аамҭазы зыхшароура уадаҩхоз аҳәса реилыргара аан "лара лыԥсы еиқәхандаз" рҳәо исаҳауан еснагь. Ус рҳәон, избанзар аԥҳәыс лыԥсы аиқәырхара аԥхьагылара аман, мгәарҭа иҭаз иаасҭа.
Арбгара иадгыло уаҩым, аԥҳәыс, ан лаҳасабала уи сыԥсҭазаара иаҟәыблаауп, аха зыбаҩ зтәым лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылазар, усҟан арбгара садгылоит. Иара убас, иазгәасҭарц сҭахуп, аԥҳәыс амчымхара иахҟьаны лыбаҩ лтәымкәа дҟалар, лара лцәа ԥызҽыз иҟынтә ахшара длоурц лҭахымзар – абраҟагьы аԥҳәыс слыдгылоит.
Хымԥада, иазгәасҭарц сҭахуп иахьатәи аамҭазы ишыҟоу еиуеиԥшым амедицинатә хархәагақәа, урҭ рыбзоурала ахшара аиура зҭахым арбгара атема зынӡа рҽацәырыхьчарц шрылшо. Ус акәзаргьы, ахшара дзаурц зҭахым аԥҳәыс, еиҳаркгьы лгәамбзиара иадҳәалахар, азин лымазароуп аҽырбгара ҳәа схәыцуеит.
Агинеколог Есма Шьанааԥҳа иааигәаӡаны издыруа лоуп, лхаҭа ԥшьҩык ахшара дрануп. Лара лгәаангарала, "ҳаамҭазы аҽырбгара мап ацәызкхьоу аҳәса рацәаҩуп, уи адинтә ҵакы анамоугьы ыҟоуп". Лара дреиуоуп иҳамоу азакәан азы алагалақәа аҭахуп ҳәа изыԥхьаӡо "амедицинатә рбагақәа аныҟоу, ари азакәан ԥырхага дууп" ҳәагьы азгәалҭоит. Шьанааԥҳа илҳәеит лара лпациентцәа уаанӡа азин аныҟаз иҟарымҵарц шрабжьылгоз.
"Аҭаацәараҿы ахшара маҷзар, насгьы рматериалтә бзазара ҭышәынтәалазар, исылшо зегь ҟасҵон урҭ ахьхәырц азын", - лҳәеит лара абри азҵааразы уажәы санлыдҵаала.
Жәлар Реизара аилазаара рӷьырак хацәоуп, иҟалап аҳәса рыпроблемақәа дара ирызгәаамыгӡозар, убри акәхап, аҽырбгара иаахҵәаны азин ыҟамкәа, насгьы уи ҟазҵо ашьауӷа дақәзыршәо азакәан зрыдыркылаз. Ауаажәларратә палатаҿы ишьҭыху азҵаатәы Апарламент ашҟа инеиуеит хымԥада, уи хшыҩзышьҭра аҭаны иахаҵгылар.
Автори аредакциеи рпозициақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0