Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи асанмаҵзура ҩнеихагылак аҿы ауааԥсыра аԥырхага рызҭаз зыхҟьаз еилыркааит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве пациентам с ОРВИ начали делать экспресс-тесты на COVID-19
В Москве пациентам с ОРВИ начали делать экспресс-тесты на COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Анапаҵаҩра
Гагратәи асанитартә-епедимиологиатә маҵзура Лакоба имҩаҿтәи аҩнеихагыла аӡы анализ ганы иҭырҵааит, уа инхоз изныкымкәа ргәабзиара аҭагылазаашьа аӡрыжәтә иахароуп ҳәа агәҩара анроу ашьҭахь.
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи асанитартә-епедимиологиатә маҵзура Лакоба имҩаҿтәи аҩнеихагыла ауааԥсыра аԥырхага рызҭаз амзыз шьақәнаргылеит – уи арҳәарахтә лабҷашь ауп, лҳәеит араион асанитар ҳақьым хада Амина Иазычԥҳа.
Лара илҳәеит аӡы анализ абҵара 12 азы ишыргахьаз, ишаарԥшыз коли-индекс (аӡы ма афатәаалыҵ рҿы адәынцара арбага – азгә.) аҳаракра.

"Ари иаанаго аӡаҿы арҳәарахтә лабҷашь рацәоуп, ахархәарагьы ҟалом. Мышқәак рышьҭахь, аӡымҩангага рыԥсахит, ҳаргьы аҽазныкгьы анализ аагеит. Уи иаҳнарбеит коли-индекс шыҳаракым, аӡы ахархәара шауа", - лҳәеит лара.

Иазычԥҳа ауааԥсыра ирабжьылгеит аӡеизакырҭа бакқәа ззықәгылоу аӡы аушьҭны абакқәа х- процентктәи ахлор ала ирыӡәӡәарц.
Уаанӡа Гагра, Лакоба имҩаҿтәи аҩнеихагылаҿы инхоз ауааԥсыра аӡыржәтә рԥырхагахеит ҳәа Facebook аҿы еиҭалҳәеит Инга Џьниаԥҳа. Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит амҽыша ауха ахәыҷы ихы бааԥсны ибо далагеит, ахәшәтәырҭахь даагеит, уаҟа ирҳәеит акьатеи чмазара ҿкы шакәу ҳәа. Анаҩс ларгьы лхы ҽеимкәа илбеит.
Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы ирҳәеит арахь ишыдҵаалаз дҽа ҩыџьа. Урҭ адырҩаҽны илрҩааит.
Смеситель  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Аԥсны
Гагра ҩнеихагылак аҿы анхацәа аӡыржәтә рԥырхагахеит ҳәа агәҩара ыҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0