00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәлымба Аҟәеи Нальчики ирыбжьоу автобус азы: мызкы иахымгакәа зхы иазырхәо иаҳа ирацәахап

Шәлымба Аҟәеи Нальчики ирыбжьоу автобус азы: мызкы иахымгакуа зхы иазырхәо иаҳа ирацәахап
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Нальчики ҩаԥхьа автобус бжьалеит. Уи аусура шеиҿкаау, иарбан хырхарҭа ҿыцу иҵегьы иазгәаҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Нальчики Аҟәеи рыбжьара автобусла аимадара хацыркын абҵара 14 рзы.
Автобус Нальчикынтә иқәҵуеит абҵара 20, 26 асааҭ 9:30 рзы автовокзал аҟынтә, Аҟәантәи – абҵара 16 рзы иқәҵит асааҭ 9:30 рзы, анаҩстәи ареисқәа Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи абҵара 22, 28 рзы иазгәаҭоуп.
"Иныҟәоит атранспорт, уи иацу акәамаҵамақәа зегьы шьақәыргыланы, иӡбаны, иахьазы автобустә еимадара ыҟоуп Аҟәеи Нальчики рыбжьара. Акыр мза иахьымныҟәоз иахҟьаны Нальчикынӡа ауаа ҟамлазаргьы, Краснодар, егьырҭ ақалақьқәа рахь пассаџьырцәақәак ҟалеит. Сгәыӷуеит аамҭак, мызкы иахымгакәа ауаагьы ашьцылоит, апассаџьырцәагьы хәыҷык ирыцлоит ҳәа", - иҳәеит Шәлымба.
Иара убасгьы иҳәеит автобустә маршрут ҿыц аартра ргәы ишҭоу Аҟәеи Урыстәыла аҳҭнықалақьи рыбжьара.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аҟәеи Нальчики ирыбжьоу автобус ала апассаџьырцәа ныҟәнагоит Амуниципалтә унитартә наплакы "Нальчикский транспорт", абилеҭ ахәԥса – 2 475 мааҭ.
Ақалақьқәа рыбжьара уи аԥхьа аимадара аанкылан 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы амҩангаҩ ГУП "Каббалкавтотранс-1438" ахьаԥыххаз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0