Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьниаԥҳа сингапуртәи арҵара аметодика ахатә школ аҟны ишԥыршәо

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьниаԥҳа сингапуртәи арҵара аметодика ахатә школ аҟны ишԥыршәо
Анапаҵаҩра
Ахатәы школа "Альфа" арҵаҩы ашколқәранӡатәи азыҟаҵаратә гәыԥ ааӡаҩ Викториа Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Сингапуртәи арҵаратә система.
Сингапуртәи арҵаратә методика аҵарадырра аус аҿы акыр ицхыраагӡоу хырхарҭан иалыркаауеит адунеи аҿы. Уи аметодика шьаҭас иамоуп еиуеиԥшым аҵаратә формақәа реилаӡҩара: академиатә формақәеи ахәмарратә формеи, ахәыҷы изнаугоу аматериал дазҿлымҳахартә, аинтерес ицәымӡыртә еиԥш аҟаҵара. Уи аметодика ҳтәыла ашколқәа рҿы иалагалархар, ҳҵарадырра алҵшәа акыр еиӷьнатәыр алшоит ҳәа азгәазҭо арҵаҩцәа ыҟоуп, урт рыбжьара иара хазы онлаин- курсқәа ирхысхьоугьы ҳамоуп. Убарҭ ируаӡәку ахатәышкола "Альфа" арҵаҩы ашколқәранӡатәи азыҟаҵаратә гәыԥ ааӡаҩ Викториа Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Сингапуртәи аҵаратә система егьырҭ ашколтә программақәа излареиԥшым, насгьы ахархәара аиуар ахьынӡа алшо атәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0