Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ибзазара, инхара пату ззақәу: афизик-аматематик Роланд Занҭариа иҭоурых

© Sputnik / Томас Тхайцук Изготовление абхазских посохов - алабашьа, варка чачи в селе Хуап - Роланд Зантария
Изготовление абхазских посохов - алабашьа, варка чачи в селе Хуап - Роланд Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа ақыҭа ԥсҭазаара даласоуп, анхамҩа ганрацәала амаҵ азиуеит. Уажәааны қыҭацыԥхьаӡа еилашуеит ҭагалантәи аԥсҭазаара. Уи аус аҟны Роланд Занҭариагьы тәамҩахә имам. Ишәыдаагалоит аԥсуа нхаҩы ибзазара иазку анҵамҭа.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Хәаԥ ақыҭа инхо, занааҭла афизик-аматематик Роланд Занҭариа 73 шықәса дшырҭагылоугьы, зынӡа иныԥшӡом. Ԥсыуа хаҵак ишиқәнагоу еиԥш аԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәа , "бзиала шәаабеит, дад" ҳәа даҳԥылеит. Иашҭа ҳанааҭала, иаразнак ҳалаԥш нақәшәеит адәахьы ихшьыз аԥсуа маҭәақәа. Урҭ анхаҩы ҷыдала бзиа ибаны дрызнеиуеит, пату изрықәуп. Ақыҭа аума, араион аҟны аума, еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа анымҩаԥырго иара дрылахәуп, ԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәаны ауп уахь дшымҩахыҵуа.
Зегь раасҭа бзиа иибо аԥсуа шәҵатәқәа иреиуоуп ауапа.
"Даара бзиа избоит ҳаԥсуа культура, ҳашәҵатәы. Акыршықәса исымаз суапа ахәаҷа исцәырфеит, аха уажәы сгәы иҭоуп ауапа ҿыц ҿасҵарц. Исҭаху ауапа Нхыҵ Кавказ ауп иахьырӡахуа. Изакәызаалак ахарџь сеигӡом, убас сгәы азцоит", - ҳәа иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
1/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
2/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
3/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
4/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
5/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

1/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

2/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

3/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

4/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

5/5

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Насгьы иара иазгәеиҭеит, игәы ишалоу иахьатәи аамҭазы ҳаԥсуа жәытә шәҵатәы рацәак зхьаԥшра ахьамам.
"Бзиа избоит аԥсуа бырг, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо, аԥсыуа маҭәала иҽеилаҳәа-иҽеилаҵа ажәлар данаарылагыло. Уи ҳаҳаҭыр шьҭнахуеит, атәым жәлар иҳахәаԥшуа ҳаицгәарҭоит", - ҳәа иҳәоит иара.
Урҭ зегьы инарҷыданы, Роланд Занҭариа акыр шықәса ҵуеит ауаҭка аршра инапы алакуижьҭеи. Иабацәа, иабдуцәа ирҿиҵааз атрадициа еихаҳаны иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааигеит. Иршуеит ауатка аԥацха аҩнуҵҟа.
"Асааҭ жәба рзыҳәаны ауаҭка хсыргылоит, асааҭ хԥа рҟынӡа х-литрак аҵысхуеит. Уахыламԥшыр, ауаҭка ҽеихаӡом, ааигәа уҟазароуп, амца уашьклаԥшуазароуп, ԥшьшьала иаҵазароуп. Суаҭка ахьынӡашуа, сааҭбжак снадҵны аҩн усқәа нап дсыркуеит", - ҳәа иҳәоит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
1/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
2/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
3/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
4/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
5/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
6/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
7/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
8/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

1/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

2/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

3/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

4/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

5/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

6/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

7/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

8/8

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Раԥхьаӡакәны ауаҭка иршит 14 шықәса анихыҵуаз, аха рацәак ахаҭабзиара иаб игәамԥхеит. Уи атәы игәаларшәо, анхаҩы иҳәоит:
"Раԥхьаӡа исыршыз ауаҭка саб игәамԥхеит, угха нас иубап ҳәа сеиҳәеит. Нас ауп ианеилыскаа, ауатка анааиуа ихьшәашәазароуп, сара амца рацәаны иаҵасҵан, ауатка шцәеит, убри акәын гхас исыхьыз", - ҳәа игәалаиршәоит уи.
Ауатка аршразыҳәаны ихы иаирхәоит 100 литрак зкуа ачуан. Ачуан иахагылоу ахҩа ашыла иалхны иҟаҵоу ҷабга ҳасабла иаакәыршаны иахьшьны, аҳауа зымнеиуа ишәаҳаит. Шә-градуск амца ашоура аҵасуеит. Аӡы зҭаиҭәо амаҭәахәы инапала иҟаиҵеит.
"Ажәытәтәи ауаҭкаршыгатә маҭәахәқәа еиҳа иманшәалоуп, избан акәзар еиҳа ижәпоуп, лассы ихьшәашәахаӡом. Ауатка аршразыҳәаны 50 литра зкуа ачуан еиҳа еиӷьуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Анхаҩы есышықәса 100-200 литр аҩы ҭаиҭәозар, сынтәа 80 литр ада изҭамҭәеит ажь аҟамлара иахҟьаны. Ауатка 200 литра 65 градус иҟоу ҭаиҭәоит есышықәса. Абжеиҳара аҭиразы иҟаиҵоит. 30 литр инарзынаԥшуа ацәгьа-абзиа ҳәа иԥхьаикуеит.
 Ажьаӷь уаҭкеи, аҳәызбақәеи, алабашьақәеи: Хәаԥҭәи атәанчаҩы иаамҭа шихыиго - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Аԥсны
Ажьаӷь уаҭкеи, аҳәызбақәеи, алабашьақәеи: Хәаԥтәи атәанчаҩы иаамҭа шихиго
Аџьабаа аус еилкааны издыруа анхаҩы, убас ԥсыршьагас, гәхаршҭгас имоуп алабашьақәеи аҳәызбақәеи рыҟаҵара. Алабашьа ажәытәан даара аҵакы аман. Зегьы иркуамызт. Изкуаз унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, ҳаҭыр зқәыз ауаҩы иакәын. Алабашьақәа ирыман рхатәы хьыӡқәа: ашәарыцаҩ илабашьа, ахьча илабашьа, аибашьыга лабашьа, аџьабацәа иркуаз алабашьа, ҭауади-аамсҭеи рлабашьа уҳәа.
"Алабашьақәа рҵакы еиԥшымызт. Ҭауадеи аамсҭеи рхаан доусы ихатәы лабашьа изалхын. Иаҳҳәап: аҭауад иикуаз алабашьа ахы ҽакала иҟаҵан, анхаҩы илабашьа даҽа формак аман. Ауаҩы чарак ахь дцозма, еизарак ахь дцозма, аԥса зхаз алабашьа икызар, ҽырбагоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аџьабараҟны игылоу ауаҩы илабашьа аҵа аԥса ахамзар акәын", - ҳәа иҳәоит Роланд Занҭариа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
1/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
2/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
3/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
4/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
5/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
6/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа - Sputnik Аҧсны
7/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

1/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

2/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

3/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

4/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

5/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

6/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

7/7

Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа

Алабашьа злихуа иреиуоуп: аџь ҵла, ашәҵла, ақәыц, абгыӡыр. Роланд иажәақәа рыла, зегьы реиҳа пату змоу абгыӡыр лабашьа ауп, избанзар еиҳа иӷәӷәоуп, анҵыра рацәа амоуп. Иҟоуп еиуеиԥшым азгәаҭарақәа алабашьа иадҳәаланы, урҭ руак атәы ҳзеиҭеиҳәеит Роланд Занҭариа:
"Ишаҳдыруа еиԥш , ажәытәан асас данааиуа, "уаангылома?" ҳәа иазҵаауамызт. Асас уи аԥшәма еиликааарц азыҳәаны, илабашьа ихы иаирхәон. Илабашьа ахы аҩны ашә ахь ихазар, асас даангылон, адәахьыҟа ихазар, дцон", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Изготовление абхазских посохов - алабашьа, в селе Хуап - Роланд Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Аԥсны
Знапы ҟазоу ауаҩы: Хәаԥ инхо Роланд Занҭариа иаамҭеи иусқәеи
Анхаҩы илабашьақәа ирылоуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәаразыҳәаны иҟаиҵаз алабашьа.
Иара иажәақәа рыла, иара ихаҭа рацәак игәамԥхеит: "Алабашьа сара ишысҭахыз исзыҟамҵеит аԥхьа, маҷк идуцәахеит. Аха хара имгакәан, иҟасҵеит ацкы, уи Гәдоуҭатәи амузеи иасҭеит. Алабашьа иреиӷьу аҵлақәа рыхкы иалсхит", - ҳәа иҳәоит иара.
Роланд Занҭариа убас иҟаиҵоит аҳәызбақәа. Урҭ рхыԥхьаӡара рацәак ирацәамзаргьы, рхаҭабзиара умбарц залшом. Аҳәызбақәа рыҟаҵара аӡәгьы иҿимҵааӡеит, ихала напы аиркит. Уи атәы дазааҭгыло, иара иҳәоит:
"Исзааигәаз ауаҩы акыр шықәса раԥхьа аԥсуа ҳәызба ҳамҭас исиҭеит. Чарак ахь сцон, исыманы сцеит. Аишәа ҳахьахатәаз, сыуак саҳәызба ичабра инагәылакны, сыла ишабоз иманы дцеит. Сгәы иалсит, аха ҳәызбак азыҳәаны сызлаиеисрызеи? Убасҟан саагәамҵын, исыӡбеит саргьы ишсылшо аҳәызбақәа рыҟаҵара салагар", - ҳәа иҳәоит даалафны анхаҩы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа
Изготовление абхазских посохов - алабашьа, варка чачи в селе Хуап - Роланд Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2021
Аԥсуа қыҭа Хәаԥ анхаҩы Роланд Занҭариа
Афизик-аматематик, Аҟәатәи апедагогикатә институт аушьтымҭа Роланд Занҭариа изанааҭ ала иахь аус шимуагьы, урҭ ашықәсқәа гәахәарыла игәалаиршәоит. Дхәыҷаахыс иаб дазҿлымҳан иԥа аԥсуа ҵасла иааӡара. Роланд Хәаԥ ашкол аҟны аабатәи аклаас анхиркәша, иаб дганы, рыуацәа рыҟны Тамшь ашкол дҭаиҵеит, уаҟа шықәсык аҵара иҵеит. Усҟан ашкол аиҳабыс даман Гьаргь Бжьаниа, уажәтәи Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иаб. Аҵыхәтәантәи ажәабатәи акласс хиркәшеит Дәрыԥшь ашкол аҟны. Иара еиҳа аспорт дазааигәан, уи амҩала дцарц иҭахын, аха идырра бзиа иалҵшәаны, афизика-аматематика азанааҭ алимхыр ада ԥсыхәа имоуит. Иара иажәақәа рыла, дахьымхәӡеит.
"Аинститут саналга ашьҭахь, уаанӡа Хәаԥ ашкол аиҳабыс иҟаз дсыҳәеит аматематика амаҭәар арҵаҩыс аусура салагарц. 1970 шықәсазы аусура салагеит. Ус, арра исыԥхьеит, аррамаҵзура сахысуан Ҟазахсҭан, аргыларатә баталион иахьаҵанакуаз. Аиҳабы дсазҵааит уабатәиу ҳәа, Аԥснынтәи сааит анысҳәа, дсеигәырӷьеит, еиҳабыс абаталионгьы саиҭеит", - ҳәа игәалаиршәоит иара.
Роланд Занҭариа 16 шықәса аус иуит Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны, анаҩс Гәдоуҭа ақалақь иаҵанакуа аубарҭақәа рыҟны, убас Хәаԥ аколнхара еиҳабыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0