Аекспертцәа Урыстәыла COVID-19 аԥшьбатәи ацәқәырԥа хыркәшахоит ҳәа азгәарҭуеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота временного госпиталя для больных коронавирусом в "Ленэкспо"
Работа временного госпиталя для больных коронавирусом в Ленэкспо - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа иаалагазар Урыстәыла 9 400 835 чымазара-хҭыс арбоуп. Уажәы уи 0,36% ишьҭыҵны иҟоуп.
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Урыстәыла акоронавирус аԥшьбатәи ацәқәырԥа ахьаҵра иаҿуп, ҳәа аҩуеит "Коммерсантъ" амолекулиар-генетикатә ҭҵаарақәа рцентр ДНКОМ адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Алабораториа аиҳабы Андреи Исаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ас шакәу узырбо ПЦР-анализқәа реиҳарак авирус ахьадмырбо ауп ҳәа.
Тестирование на коронавирус в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Авирусолог COVID-19 инагӡаны ишухугаз узырбо аҟазшьақәа дрылацәажәеит
Ацентр аԥхьаӡарала ииасыз амчыбжь азы иҵоуроу аҭакқәа 6 процентк рҟынӡа илаҟәит. Уаанӡа ари арбага 11 процент ыҟан.

"Астатистикала иубарҭоуп зегь раасҭа ихьанҭаз аԥшьбатәи ачымазаратә цәқәырԥа хьаҵуа ишалагаз. Аха ари иаанагаӡом акоронавирус ҳаиааиит ҳәа", — иҳәоит амолекулиартә биолог, МАУ аҭҵаарадырратә усзуҩ Сергеи Харитонов.

Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург иҳәахьан Урыстәыла COVID-19 аӡбахә умҳәартә иҟалоит ауааԥсыра 70-75 процент иахәҭоу ацәеижьҿагылақәа анроулак ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0