Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра гәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАэропорт "Сухум" им. В.Г. Ардзинба
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Анапаҵаҩра
Анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа арратә техникала Ханкалантәи Гәдоуҭаҟа иааит.
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Аладатәи арратә округ анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа Аԥсныҟа иааит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакырантәи иԥшаахарц зылшо иԥымжәац аминақәа рықәгаразы. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Иԥымжәац артҟәацгақәа рыԥшаареи рыҵхреи еиҿкаауп аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабы Валери Герасимов иахь иҟаиҵаз аҳәарала.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Бжьаниа Москва аҳауатә еимадара азҵаара далацәажәеит
Аҟазауаа Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу абазаҿы игылоуп. Дара аҳаирбаӷәаза аҵакыра арыцқьара иалагоит аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы аминақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроект ахарџьнҵа азырхиахоит ҭагалан азы ҳәа иҳәахьан атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иҳәеит аинвестор дшыҟоу, аиҭашьақәыргыларатә усуразы 120 миллион мааҭ шазоуижьуа. Бжьаниа иажәақәа рыла, актәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса алагамҭазы.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2021
Бжьаниа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара аҿҳәарақәа дрылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0