Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абиуџьет, COVID, аенергетика: Гал араион ахада аҳасабырба ҟаиҵеит Бжьаниа иҿаԥхьа

© Sputnik / Марианна Кубрава Пилия Константин
 Пилия Константин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гал араион аҿы агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гал араион ахада Константин Ԥлиа 2021 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит ахада иҿаԥхьа.
Ԥлиа иажәақәа рыла, 2021 шықәса жәамз рыла араион иахашәалеит 42 миллион мааҭ, аныхратә хәҭа нагӡоуп 231 миллион мааҭ рыла: ауалафахәы иазырхоуп 198 миллион мааҭ, аҵарадырра аусхк иазырхоуп 108 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара аусхк – 22 миллион мааҭ, акультура аусхк– 6 миллион мааҭк.
Арезервтә фонд аҟынтәи араион ауааԥсыра рыцхрааразы иныхуп миллионки 746 нызқь мааҭи.
Ԥлиа иажәақәа рыла, араион аҿы иахьа инхоит 37 000-ҩык, урҭ рҟынтәи 7605-ҩык Гал ақалақь аҿы инхоит, 5777-ҩык тәанчаҩцәоуп, 14814-ҩык аус руеит. Бжьаратәла ауалафахәы 9700 мааҭ ыҟоуп.
COVID азы аҭагылазаашьа
2021 шықәса иалагазар 1918-ҩык ачымазара рыдбалоуп, атест рзыҟаҵоуп 7296-ҩык ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Аслан Бжания в Галской районной больнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит Галтәи ахәшәтәырҭаҿы аппарат МРТ аус замуа
Амбулатор ҳасабла ихәшәтәын 1527-ҩык, стационар ҳасабла 24-ҩык хәшәтәын Урыстәылатәи агоспиталь аҿы, 31-ы – Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы, атәыла анҭыҵ рҽырхәшәтәит 711-ҩык.

Гал араион акоронавирус аҿагылара иахҭынҵан 2 миллионки 380 нызқь мааҭи.

Сынтәа ахәшәтәырҭахь идҵаалеит 39 415-ҩык, урҭ рҟынтәи 4412-ҩык хәыҷқәан. Араион аҿы иит 118-ҩык.
Аенергетика
Константин Ԥлиа иара убасгьы далацәажәеит араион аҿы аенергетика аҭагылазаашьа.
Нарсоу Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа Гал араион аҟны адгьыл ахархәареи ашәахтәқәеи ртәы
Афымцалашараз 18 қыҭа рҟынтәи аизга 61 процент ыҟоуп, 48 процент ақалақь ахатәхаҿқәа рҟынтәи, 90 процент аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи.
Ԥлиа иҳәеит араион 5 процентк еиҳаны афымцамч ахы ишанархәо 2019 шықәсазы аасҭа.
2021 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс араион аҿы иаарԥшын амаининг-ферма дуқәа 6, иқәган 473 аппарат. 107 аппарат ахатә сектор аҟынтә иқәган.
Ԥлиа иинформациала, аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалоуп 36 цәгьоура, иаарԥшуп – 33.
Ажәабжьқәа зегьы
0