https://sputnik-abkhazia.info/20211126/bzhania-akonstitutsia-amsh-azy-asny-zhlar-rakh-aakhara-aieit-1036474346.html
Бжьаниа Аконституциа Амш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Бжьаниа Аконституциа Амш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. 26.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-26T09:30+0300
2021-11-26T09:30+0300
2021-11-26T09:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/1d/1032108357_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_854dd988244742e60f83406524bff0f4.jpg
АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа Амш азы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шрыдкылаз 1994 шықәса абҵара 26 рзы Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы.Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 27 шықәса ҵит. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны азхарҵеит Урыстәылеиԥш Еиду амилаҭқәа реиҿкаара егьырҭ атәылақәагьы."Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаалароуп атәыла адокумент хада анормақәа рыцәхьамҵра шакәу иахьатәи ҳамши ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥши рҭышәныртәалара алзыршо", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.Иара убасгьы иазгәеиҭеит аусура ишаҿу аконституциатә реформаз Акомиссиа, уи аусура акраҵанакуеит, избанзар иарбанзаалак аиҭакрақәа аҳәынҭқарра арӷәӷәара иазырхазароуп ҳәа.Аслан Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит аҵак ду шамоу Аконституциатә ӡбарҭа аусура, атәыла адокумент хада ахәдықәҵак аҳасаб ала.
https://sputnik-abkhazia.info/20201126/Asny-aynarra-ashayrarazy-azakan-khada-Akonstitutsia-adkylara-1031352657.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211125/akhada-asny-akonstitutsiat-bara-abatsa-idikyleit-1036475386.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/1d/1032108357_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_e2fcd70594d772c79ef087e17b08895f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Бжьаниа Аконституциа Амш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
09:30 26.11.2021 (ирҿыцуп: 09:58 26.11.2021) Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдкылан 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы.
АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа Амш азы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада
исаит.
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шрыдкылаз 1994 шықәса абҵара 26 рзы Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы. Аконституциа жәлары зегьы имҩаԥыргаз ареферендум аҿы иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы.
Аконституциа – ари аҳәынҭқарра аргылареи аҿиареи шьаҭас ирзыҟоу документуп. Ҳконституциа имариамыз аамҭақәа рзы ирыдыркылеит, ус шакәызгьы, адокумент ианыԥшуан адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра аҿиаразы зыда ԥсыхәа ыҟам анормақәа. Аконституциа адкылара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны жәлар ихьыԥшым, зых иақәиҭу аҳәынҭқарра аргылара амҩа ишану.
Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 27 шықәса ҵит. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны азхарҵеит Урыстәылеиԥш Еиду амилаҭқәа реиҿкаара егьырҭ атәылақәагьы.
"Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаалароуп атәыла адокумент хада анормақәа рыцәхьамҵра шакәу иахьатәи ҳамши ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥши рҭышәныртәалара алзыршо", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аусура ишаҿу аконституциатә реформаз Акомиссиа, уи аусура акраҵанакуеит, избанзар иарбанзаалак аиҭакрақәа аҳәынҭқарра арӷәӷәара иазырхазароуп ҳәа.
Аслан Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит аҵак ду шамоу Аконституциатә ӡбарҭа аусура, атәыла адокумент хада ахәдықәҵак аҳасаб ала.