https://sputnik-abkhazia.info/20211126/gal-inkho-auaasyra-aforma-9-ala-aaa-izakhysom-iaaiua-ashys-inarkny-1036491129.html
Гал инхо ауааԥсыра аформа №9 ала аҳәаа изахысӡом иааиуа ашықәс инаркны
Гал инхо ауааԥсыра аформа №9 ала аҳәаа изахысӡом иааиуа ашықәс инаркны
Sputnik Аҧсны
2020 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵарала аформа №9 ала аҳәаа ахысраз аҽҳәара иацҵан ажьырныҳәа акы 2022 шықәсанӡа. 26.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-26T16:28+0300
2021-11-26T16:28+0300
2021-11-26T16:57+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
гал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030797848_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_cb255a65eb504f461e001febece9ed73.jpg
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Аформа №9 Аԥсны аҿҳәара нҵәоит ажьырныҳәа акы 2022 шықәсазы. Гал араион ауааԥсыра ари адокумент ҳасабла зхы иазырхәоз Егры аҳәаа изахысӡом. Абри атәы иҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа."Ажьырныҳәа акы 2022 шықәса инаркны Егры аҳәаа ахысра аанкылахоит ари ашәҟәы ала. Гал араион ауааԥсыра Аԥсны атәылауаҩшәҟәы мамзарагьы анхараз азин аиоураз ашәҟәқәа алазымҵац аамҭакьаҿк иалагӡаны ашәҟәқәа аларҵароуп", - ҳәа иҳәеит иара.Ашәҟәы аҿҳәара ацҵаразы Гал араион анапхгара Аԥсны аиҳабыра рахь ашәҟәы нарышьҭроуп.Гал араион аҿы инхоит 30-нызқьҩык инреиҳаны ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи хә-нызқьҩык инреиҳаны аформа №9 ауп ирымоу. Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу 1049-ҩык ыҟоуп, даҽа 19 нызқьи 707-ҩык анхаразы азин рызҭо ашәҟәы хадырҭәааит.2014 шықәсазы Аԥсны аполитикатә уаажәларраҿ азҵаара цәырҵит Гал араион ауааԥсыра закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит ҳәа. Иара уи азҵаара хадқәа ируакхоит лаҵарамза 2014 шықәсазтәи Аԥсны амчра аԥсахрагьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20170420/azindiri-anharaz-azin-eiha-alsharakua-unatoit-1020871356.html
гал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030797848_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_80abc86ee6c003e04ec596e917ba91c2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, гал араион
ауаажәларра, ажәабжьқәа, гал араион
Гал инхо ауааԥсыра аформа №9 ала аҳәаа изахысӡом иааиуа ашықәс инаркны
16:28 26.11.2021 (ирҿыцуп: 16:57 26.11.2021) 2020 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵарала аформа №9 ала аҳәаа ахысраз аҽҳәара иацҵан ажьырныҳәа акы 2022 шықәсанӡа.
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Аформа №9 Аԥсны аҿҳәара нҵәоит ажьырныҳәа акы 2022 шықәсазы. Гал араион ауааԥсыра ари адокумент ҳасабла зхы иазырхәоз Егры аҳәаа изахысӡом. Абри атәы иҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа.
"Ажьырныҳәа акы 2022 шықәса инаркны Егры аҳәаа ахысра аанкылахоит ари ашәҟәы ала. Гал араион ауааԥсыра Аԥсны атәылауаҩшәҟәы мамзарагьы анхараз азин аиоураз ашәҟәқәа алазымҵац аамҭакьаҿк иалагӡаны ашәҟәқәа аларҵароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ашәҟәы аҿҳәара ацҵаразы Гал араион анапхгара Аԥсны аиҳабыра рахь ашәҟәы нарышьҭроуп.
Гал араион аҿы инхоит 30-нызқьҩык инреиҳаны ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи хә-нызқьҩык инреиҳаны аформа №9 ауп ирымоу. Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу 1049-ҩык ыҟоуп, даҽа 19 нызқьи 707-ҩык анхаразы азин рызҭо ашәҟәы хадырҭәааит.
"Аԥсны иатәылауаам рзы анхараз азин ҟазҵо ашәҟәқәа риуразы Аԥсны аҩнуҵаҟа 10 шықәса дынхароуп. Анаҩс ауп ауаҩԥсы Аԥсны атәылауҩшәҟәы аниоуа. Аха атәылауаҩшәҟәы аиуразы хымԥада Қырҭтәыла атәылауаҩра мап ацәыркроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәартаа.
2014 шықәсазы Аԥсны аполитикатә уаажәларраҿ азҵаара цәырҵит Гал араион ауааԥсыра закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит ҳәа. Иара уи азҵаара хадқәа ируакхоит лаҵарамза 2014 шықәсазтәи Аԥсны амчра аԥсахрагьы.