Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп": ҳџьынџьуаҩ Дыжын Чуреи илызкны

© Foto / Дыжын ЧурейДыжын Чурей
Дыжын Чурей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Анапаҵаҩра
Атәым жәҩан аҵаҟа ииз иааӡаз, аха гәыла-ԥсыла зҭоурых ԥсадгьыл иадҳәалаз, Аԥсны аҭаацәара аԥызҵаз, аҵарауаҩ Дыжын Чуреи лҭоурых иазкуп Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа ланҵамҭа.
Аԥсадгьыл агәеисыбжь зныруа
Амҳаџьырра ацәқәырԥа Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы ирзыннажьыз ахьааи агәырҩеи иахьа уажәраанӡа имӷьаӡо хәраны иаанхоит. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра еснагь иҵару зҵааран иқәгылоуп.
1861 шықәсазы Дыжын лабду иаб Османи иашьа Урыси рхәыҷқәеи дареи изланхоз рыуаажәлар ирыцны рыԥсадгьыл Ҟарачы-Черқьесиа ааныжьны амшын ихылеит. Раԥхьа Сҭампыл рыуацәақәак рыҟны иҟан, анаҩс Осман иҭаацәа иманы Мерзифон ақалақь ахь диасуеит.
"Ҳара ҳажәлаҵәҟа Шураев ауп, Чуреи Ҭырқәтәыла ҳаннеи иҳарҭеит. Ҳхәыҷы аахыс ҳани ҳаби иҳаларааӡон ҳмилаҭтә культура, ҳҵас-ҳқьабз, иаҳзеиҭарҳәон ҳажәлар знысыз аҭоурыхтә мҩа", - ҳәа ҳаиҿцәажәара хацлыркит аҟабарда ҭыԥҳа, аҵарауаҩ Дыжын Чуреи.
© Foto / Дыжын Чурей

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии - Sputnik Аҧсны
1/2

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

© Foto / Дыжын Чурей

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии - Sputnik Аҧсны
2/2

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

1/2

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

2/2

Дыжын Чуреи лан Диԥшьо Сиумери лаб Алии

Хылҵшьҭрала иҟабарда ҭыԥҳау Дыжын Чуреи диит хәажәкыра 20, 1972 шықәсазы Ҭырқәтәыла. Лаб Алии лан аубых ҭыԥҳа Диԥшьо Сиумери ирааӡеит ҩыџьа ахшара - аԥеи аԥҳаи. Дыжын лаб Али аруаҩын, аполковник еиҵбы ичын иманы иахьа тәанчаҩыс дыҟоуп, лан Диумер афизика арҵаҩыс аус луан Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ауниверситетқәеи ашколқәеи рыҟны. Лыԥшәма дахьаруаҩыз азыҳәаны, есышықәса рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахуан. Дыжын лашьа Жанберқь Ельдар занааҭла декономиступ.
Дыжын лҭаацәа акыр шықәса Ҭырқәтәыла ишынхогьы, аҭырқә бызшәа инаваргыланы ирдыруеит рхатәы бызшәа. Еснагь рыҩны иҩныҩуан аҟабарда бызшәа, рхәыҷқәагьы абызшәа агәыбылра рҿырҵааит, уи ала ицәажәоит иахьа. Дыжын лакәзар, илдыруеит аҟабарда бызшәа, аҭырқә бызшәа, англыз бызшәа, аиспан бызшәа, аурыс бызшәа. Аԥсуа бызшәа еилылкаауеит, аҵара дшаҿугьы, макьаназы алацәажәара лцәыуадаҩуп.
Ахьышьҭрахь ахынҳәра
Дыжын лаб еснагь ихьааигон иабдуцәа рыԥсадгьыл ааныжьны атәым дгьылахь рцара. Иҭахын ихәыҷқәа рыԥсадгьыл аҟны ироурц аҵара, мышкызны уахь ихынҳәырц. Заб игәахәтәы назыгӡаз Дыжын 1993 шықәсазы дҭалоит Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет англыз бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала. 1990 шықәсазы дҭалоит аспирантура аҟабарда бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала. 2003 шықәса рзыҳәаны илыхьчоит акандидаттә диссертациа.
"1992 шықәсазы зынӡа нхара ҳәа схынҳәит сҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь. Шықәсык Ҟарачы-Черқьесиа сынхон, анаҩс Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик аҵара сҭалеит", - ҳәа дазааҭгылеит Чуреи.
Аԥсны абадырра
Раԥхьаӡа акәны Дыжын Аԥсны дааит 2008 шықәсазы. Дыжын илдыруан лаԥхьаҟатәи лыԥсҭазаара Аԥсны ишадҳәалахоз, шьала–дала илзааигәаз аԥсуа жәлар рахь илымаз абзиабара деиҵанархомызт.
2009 шықәсазы лыԥсҭазарааҟны иҟалеит гәырӷьара дук илзаҩызахаз ахҭыс, лнапы аҟны илыҭан аԥсуа тәылауаҩшәҟәы. 2010 шықәсазы ара аҭаацәара далалоит. Длынасыԥхеит "Аԥсны афырхаҵа", анапҟаза Ҭемыр Ӡиӡариа.
© Foto / Дыжын Чурей

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи - Sputnik Аҧсны
1/2

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

© Foto / Дыжын Чурей

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи - Sputnik Аҧсны
2/2

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

1/2

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

2/2

Дыжын Чуреи лыԥшәма Ҭемыр Ӡиӡариеи лареи

"Сыԥсҭазаараҟны ихадаз ашьаҿақәа иреиуан Ҭырқәтәыла ааныжьны сыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, анаҩс Аԥсныҟа нхара аиасра, аҭаацәара аԥҵара. Сҭаацәа рзыҳәаны раԥхьа маҷк ицәгьахеит уи адкылара, аха аамҭа доусы рҭыԥқәа рзылнахуеит. Урҭ хара ишыҟоугьы, еснагь ҭелла ҳаимадоуп, шықәсык ҩынтә уахь сцоит. Ргәы аладууп Аԥсны сара схатә ҭып ылхны, схатә ус ахьысыԥшааз. Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи Аԥсни ианакәызаалак аимадара бзиа рыбжьоуп, жәларык ирхылҵыз ҳауп зегьы", - ҳәа лҳәоит Дыжын.
Амузыкеи анаукеи
Дыжын лыҭҵаарадырра инаваргыланы амилаҭтә фольклортә музыка лнапы алалкит, лыстудентә шықәсқәа раан амузыка аҭҵаара далагеит. Еснагь лхы ԥылшәон, еиуеиԥшым ансамбльқәа рыҟны дыхәмаруан. Амузыка агәыблыра лкит лхәыҷаахыс лҭаацәа рҟынтәи. Еиҳа амузыка иадҳәалаз, амилаҭ цәа зныԥшуаз ахәмаргақәа ракәын илзаархәоз. Дара ирҭахын рыӡӷаб дшыхәыҷыз инаркны лмилаҭ абеиара, акультура агәыблыра лкырц.
© Foto / Дыжын ЧурейДыжын Чуреи
Дыжын Чурей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Дыжын Чуреи
"Еицырдыруа адыга ансамбль "Исламеи" аконцерт рыманы иқәгылон Нальчик ақалақь аҟны. Убраҟа ҭыԥҳак амилаҭтә амузыкатә рҳәагак ала дыхәмаруан, убас исгәаԥхеит, исҭаххеит саргьы исҵарц. Сҭаацәа исзаархәеит "флеита" зыхьӡыс амузыкатә рҳәага, убри инаркны есааира амузыкахь исымаз агәыбылра еизҳауа иалагеит", - ҳәа лҳәоит лара.
Жәлар рмузыкахь агәыбылра илымаз гәыгәҭамыжькәа лыҭҵаарадырреи амузыкатә ҵараиурҭеи еилалыгӡон. 1995 шықәсазы дҭалеит Нальчиктәи амузыкатә ҵараиурҭа, анаҩс Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша "Жәлар рмузыкарҳәагатә оркестр". Далгоит 1999 шықәсазы.
"Сазхәыцуан, излеиласыгӡарызеи амузыкеи аҭҵаарадырреи ҳәа, аха гәыкала акы ануҭахха, Анцәагьы дуцхраауеит. Схы сыԥшааит афольклортә музыка аҟны. "Амузыкатә фольклор адыга диаспора аҟны" ҳәа зыхьӡыз аусумҭа ҭысҵаауан акыршықәса", - ҳәа лҳәоит лара.
Акандидаттә диссертациа хьчаны даналга, 2005 шықәсазы Дыжын дҭалоит Нхыҵ Кавказтәи аҟазаратә институт, жәлар рмилаҭ музыкатә рхәагақәа рыҟәшахьы.
© Foto / Дыжын ЧурейДыжын Чуреи
Дыжын Чурей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Дыжын Чуреи
"Ахԥатәи акурс анаҩс, аклассикатә музыкатә инструментқәа рыҟны ҳахәмаруа ҳалагеит, урҭ рыҟны сара сзыхәмаруамызт, аԥышәа умазар акәын, уи адагьы, анаукеи амузыкеи маҷк исцәыцәгьахеит аилагӡара. Уаҟа аҵара сыцырҵон зхәыҷаахыс зҽазыҟазҵоз, сара еиҳа жәлар рмилаҭтә музыка акәын сзыдҳәалаз, убри иахылҿиааны сҵара аансыжьыр акәхеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит хышықәса ирылагӡаны адырра ҿыц сызҭаз, исывагылаз арҵаҩцәа. Урҭ рыбзоурала исықәымҿиеит ҳәа амузыка аанысмыжьит, зегьы акоуп, уи амҩа сануп иахьа уажәраанӡа. Сыԥсҭазаараҿы ибжаны иаансыжьыз аус убри заҵәык ауп", - ҳәа лҳәоит Чуреи.
Дыжын Чуреи аԥсуа-адыга музыкатә фольклор иазку адәынтәи аматериал шықәсырацәала еизылгон. Лара илылшеит афольклортәи аетнологиатәи нҵамҭақәа шьаҭас иҟаҵаны Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-адыга диаспора рашәаҳәара-инструменталтә культура аҭагылазаашьа аарԥшра. 2021 шықәсазы илыхьчеит адоктортә диссертациа "Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа–адыга диаспора рышәаҳәара-инструменталтәи рқьабзтәи традициа" зыхьӡу ала. 8 шықәса аус луан Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә школ аҟны. Аус луан Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Кабардинка", убас ансамбль "Бжамеи" аҟны. Иахьа аус луеит ансамбль "Гәында" аҟны. Иҭылҵаауеит аԥсуа жәлар рмузыка.
© Foto / Дыжын ЧурейДыжын Чуреи лышәҟәқәа
Дыжын Чурей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Дыжын Чуреи лышәҟәқәа
"Сара сыԥсҭазаараҟны акраҵанакуеит ас еиԥш иҟаз ансамбльқәа рыҟны аусура. Уи иалҵшәоуп 2006 шықәсазы иҭыҵыз сышәҟәы "Бжамеи", - ҳәа лҳәоит лара.
Дыжын лажәақәа рыла, илҭахуп аԥсуа жәытә музыкатә рҳәагақәа зегьы рыҟны ахәмаршьа лҵарц.
"Афлеитаҟны сыхәмаруеит, убас ажәытә адыгатә музыкатә рҳәагақәа "апапшына", аха даараӡа исҭахуп аԥсуа амузыкатә рҳәагақәа зегь рыҟны ахәмаршьа сҵарц, еиҳа исзааигәоуп аҩымаа. Иҿасҵеит, ари арҳәага сазыԥшуп, арҳәашьа хымԥада исҵоит", - ҳәа лыгәҭакы ҳацеиҩылшеит Дыжын.
Аҵарауаҩ лгәазыҳәара
Лара ихымԥадатәиу акакәны илыԥхьаӡоит хџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара, убри инамаданы абызшәа аҵара иацу ауадаҩра ҷыдала адгылара аҭатәуп ҳәа лыԥхьаӡоит.
"Аҿар аимадара рыбжьазароуп, жәларык ҳшыртәу, бызшәатә гәыԥк ҳшатәу ҳхамшҭуазароуп. Абызшәа ихадароу ахкқәа ируакуп, абызшәа ҵалатәуп, иҭҵаалатәуп, хатәы бызшәада ауаҩы дуаҩыбжоуп. Ҳара ҳзыҳәаны абызшәеи аԥсадгьыли ихьаау гәалашәароуп, избанзар уи ҳалхәдааны ҳаҟан. Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп. Иахьа ҳбызшәа ашәарҭара иҭагылоуп, уи арыцҳара ҳаҿагылароуп", - лҳәоит лара.
Дыжын Чуреи дравторуп 45 инарзынаԥшуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Дара еиҭагоуп аурыс, аҭырқәа, англыз, аҟабарда бызшәақәа рахь.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара убас аус луан Ҟабарда-Балкариатәи анаукатә центр аҿы. 2010 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Дыжын Чуреи аус луеит Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аҟны афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс. Иахьатәи аамҭазы иҭылҵаауеит ачерқьес диаспора рмузыкатә фольклор, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга рфольклор шьаҭас иҟаҵаны. Иара убас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ҩ-маҭәарк дрыԥхьоит: "Литература Кавказского Зарубежья", "Этнокультура абхазо-адыгской диаспоры".
© Foto / Дыжын ЧурейДыжын Чуреи ААУ аҿы лыстудентцәа рыгәҭа
Дыжын Чурей - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Дыжын Чуреи ААУ аҿы лыстудентцәа рыгәҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0