Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа алауреатцәа рыхьӡқәа рҳәеит

© Foto / Батал Шулумба Произведения Ф.А.Искандера.
Произведения Ф.А.Искандера. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа ранашьахоит А.П. Боголиубов ихьӡ зху Аҟазаратә библиотека аҟны ԥхынҷкәын 13 рзы, Москва.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа 2021 шықәсазы ажиури алауреатцәа алнакааит.
"Хәы змам амазара" аноминациаҟны аԥхьахә ианашьахеит Даур Начҟьебиа- "Аԥсаҭатә". "Ажәабжьқәа. "Аҵеиџь". Ажәабжьқәа. Аԥсшәахьынтә автор еиҭагамҭоуп.
"Аҟазаара асиужет" (Сюжет существования) аноминациаҟны. Асахьаркыратә проза.
Светлана Василенко лажәабжьқәа рцикл "Капустин иҳаҩа" (Капустин яр),
Сергеи Кузнечихин - " Иаҳтәу абаӡри. Петухов Алексеи Лукич иԥсҭазаара аҟнытәи аҭоурыхқәа (Где наша не пропадала. Истории из жизни Петухова Алексея Лукича)
Аҩбатәи аноминациа "Под лёгкой тяжестью небес.."
Герман Власов ипоезиа, 2003-2019 шықәсқәа ирыҵанакуа иалкаау иажәеинраалақәа "Ирыӡнытәу аԥсыӡ хьы" (Серебряная рыба золотая).
Аноминациа "Ахәыҷра ҵла" (Дерево детства). Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза.
Жан Бахыт (Бахытжан Канапианов). "Иноходец судьбы". апритча, ажәабжьқәа, аповестқәа.
"Гәырӷьарыла аныҳәа азыԥшра" (Праздник в ожидании праздника) аноминациа. Акиносценари, адраматургиа - Лилиа Костенко "Волосатая гусеница". Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылху акиносценари "Ззин ыҟам ашәыр" (Запретный плод), "Абду" (Дедушка) . Анапҩыра (Рукопись).
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса рзы.
Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".
Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III II, IV аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).
Ажәабжьқәа зегьы
0