Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нанба иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы 2021 шықәсазтәи аплан инацҵаны ишынагӡоу

© Sputnik / Томас ТхайцукДжансух Нанба
Джансух Нанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит абҵара 30 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанба аиҳабыра реилатәараҿы аҳасабырба ҟаиҵеит аусбарҭа 2021 шықәса 11 мзатәи аусура амҩаԥысшьазы.

"Иахьазы ашықәстә план наҳагӡахьеит. Ҳазҭоу афинанстә шықәс азы аплан еиҳахеит. Ари инадҳәаланы аплан 2 миллиардки 966 миллиони ыҟан. Иахьазы абиуџьет иаланагалахьеит 3 миллиардки 70 миллиони мааҭ", - ҳәа иҳәеит иара.

Нанба иазгәеиҭеит сынтәа акурорттә сезон бзианы ишымҩаԥысыз, анаплакыҩцәа ишрылшаз аус бзианы аура. Аминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы аиҿкааратә усурақәа жәпакы мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0