Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыц аламҭалазы Урыстәыла амандарина ахә халеит

© Sputnik Мандарины на прилавках московских магазинов
Мандарины на прилавках московских магазинов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа ргәаанагарала зегь раасҭа зыхә мариоу амандарина Урыстәылаҟа инаргоит Аԥсни Қырҭтәылеи рҟынтәи (131; 103 мааҭ).
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Ашықәс ҿыц аламҭалазы Урыстәыла амандарина ахә халеит. Еизакны иаазхәо рзы 18%, иҳатәым ахәаахәырҭақәа рҿы - 25%, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Кьылак амандариназ абжьаратә хәыԥса абҵарамзазы 164 мааҭ ыҟан. Ашықәс аҩнуҵҟа абжьаратә хәыԥса 25% ихалеит", - ҳәа рҳәеит аилахәыра "Эвотор" аҿы. Аекспертцәа иҭырҵааит иҳатәым ахәаахәҭрырҭақәа рҿы 2021 - 2020 шықәсқәа рзтәи ахәԥсақәа рҭагылазаашьа 800 000 смарт-терминал рхархәарала.
"Ашықәс зегьы аҭирҭақәа рҿы амандарина ыҟоуп. Аха аахәаҩцәа еиҳарак ианырацәоу абҵара-ԥхынҷкәын мзақәа рзы ауп", - ҳәа иҳәоит афатәаалыҵтә тауарқәа раарыхыҩцәа Рассоциациа "Руспродсоюз" анагӡаратә директор Дмитри Востриков.
Ассоциациа адыррала иахьазы амандарина иааизакны кьылак азы 80-138 мааҭ иаԥсоуп, бжьаратәла 110 мааҭ ҵыԥхтәи 90 мааҭ иаҿырԥшны. Ахәқәа рыцлара иацхрааит Ҭырқәтәылантәи аагара ахьеиҵахаз, ҳәа иҳәоит Востриков. Убри аан иара иҳәеит ахәқәа шааннакыло ауааԥсыра раахәаратә лшара алаҟәра.
Амандарина Урыстәылаҟа иаларгало ашәырқәа ираԥхьагылоуп. Востриков иажәақәа рыла амандарина ааргоит еиҳарак Марокко, Аԥсны, Ҭырқәтәыла, ААР рҟынтәи.
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит
"Эвотор" адыррақәа рыла зегь раасҭа рыхә дууп Перунтәи иаарго (абжьаратә хәыԥса - 269 мааҭ), зегь раасҭа имариоуп Аԥсни Қырҭтәылеи рҟынтәи аалыҵ (131 - 103 мааҭ). Марокко амандарина 183 мааҭ иаԥсоуп, Египтынтә - 175 мааҭ, Ҭырқәтәылеи Ирани рҟынтә - 152 мааҭ.
Зегь раасҭа ахәқәа дууп Камчатка (334 мааҭ), имариоуп – Волгоградтәи аобласт (139 мааҭ), Краснодартәи атәылаҿацә (106) рҿы.
Оренбургтәии Нижегородтәии аобластқәа рҿы (162; 146 мааҭ), Красноиарсктәи атәылаҿацә (220 мааҭ), Калининградтәи аобласт (218 мааҭ), Москва (217 мааҭ), Санкт-Петербурге (225 мааҭ) иаԥсоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0