Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа агаз абаллон азы: хымԥада, ари ашықәс нҵәаанӡа ахә шьҭыҵӡом

Џьопуа агаз абаллон азы: хымԥада, ари ашықәс нҵәаанӡа ахә шьҭыҵӡом
Анапаҵаҩра
Иӡшьартәу агаз ахә ҿыц шьақәнарӷәӷәеит Аԥсны аиҳабыра. "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аахәаҩ шаҟа мааҭ ҳәа иоур илшо агаз абаллон.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара агаз ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы ақәҵара кьыԥхьуп асаит аҿы. Иӡшьартәу абаллон иҭоу агаз 27 литра (11 кьыла) ахә 1100 мааҭ иаԥсахоит. Нанҳәа 23 раахыс агаз 1000 мааҭ иаԥсан. Уажәы ишьақәырӷәӷәоу ахәқәа аахәаҩцәа ишырныԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа.
"Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит агаз ахәԥса ашьҭыхразы, аха уа иаҳәаӡом баллонк агаз, хымԥада, 1100 мааҭ иаԥсахоит ҳәа. Уи иаҳәо ҳара агаз знапы алаку аилахәрақәа 1100 мааҭ еиҳаны аҭиар азин ҳамаӡам. Иахьа ирыдыркылаз ахә ыҟоуижьҭеи хымз-ԥшьымз ҵуеит. Ҳара 100 мааҭк, усҟангьы иазгәасҭеит, иацҳамҵаӡеит ҳауаажәларгьы рҭагылазаашьа еилкааны. Убри 100 мааҭк иартәо, агаз зҭиуа аилахәрақәа рхашәала ауп, уи уахь иалаҳамҵаӡеит. Хымԥада, ари ашықәс нҵәаанӡа агаз ахә шьҭыҵӡом, ишыҟац иаанхоит. Агаз абаллон 1000 мааҭ ишаԥсоу убас иаанхоит. Егьи ашықәс ҳазҭало азы аҭагылазаашьа иаҳнарбоит ишыҟало, 100 мааҭк иагхаргьы, ма иҵегьы иацларгьы ҟалоит. Ҳара макьана иҳаздырӡом иахьынтәиааго Урыстәыла агаз аҭиҩцәа ирыдыркыло ақәҵарақәа, урҭ рыхәԥсақәа", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.
Ажәабжьқәа зегьы
0