Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Артист ду дҳаԥхеит": Нурби Џьынџьал игәалашәаразы

© Foto / Министерство культуры Республики Абхазия Народный артист Абхазии Нурби Джинджолия
Народный артист Абхазии Нурби Джинджолия
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль ахор ахкынагӡаҩ Нурби Џьынџьал.
Аԥсуа культуратә ҟазара иааиԥмырҟьаӡакәан акыр шықәса иазааԥсоз, амаҵ азызуаз Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Нурби Џьынџьал иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса дшырҭагылаз. Еснагь иааигәа иҟаз, аус ицызуаз, дыздыруаз зегьы гәалсра дула ирыдыркылеит иԥсҭазаара иалҵра.
Нурби Џьынџьал 40 шықәса дыззааԥсоз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль анапхгаҩы, иара иааигәаны дыздыруаз Валери Ҭаниа иҩыза дигәаларшәо иҳәоит:
"Ас еиԥш иҟаз ауаҩ ду ихуҳәааша даара ирацәоуп, иуадаҩуп ажәақәа рыԥшаара. Цәгьала ихьааҳгеит ҳҩыза ицәыӡра, згәы далымсыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Шәаҳәаҩык иаҳасабала ибжьы хаан, игәкын. Ихы деигӡомызт аколлектив аиҿкаараҟны, аконцерттә усмҩаԥгатәқәа еснагь инапы иҵихуан, еиҿикаауан. Иџьабааи илагалеи даараӡа ирацәоуп аԥсуа ҟазаратә мҩа арҭбаараҟны. Иара дыззааԥсоз, дызхьымӡаз иус иацызҵаша ҟалааит, џьанаҭ гыларҭас иоуааит", - ҳәа иҳәоит иара.
30 шықәса инарзынаԥшуа ансамбльк аҟны ашәа ицызҳәоз Анри Ферзба гәалсра дула иҩыза дигәаларшәо иҳәоит:
"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны Нурбии сареи ансамбль аҟны ашәа еицаҳҳәон. Ҩызак иаҳасабала ауаҩ гәыраз, ауаҩ қьиа, агәыҳалал ҳәа ззуҳәаша иакәын. Ашәаҳәаҩ ансамбль еидкыланы икын, ахкқәа наигӡон, деиҿкааҩын. Артист ду дрыԥхеит иҭаацәа, ҳ-Аԥсынра, ҳҟазара. Даара ҳгәы иалоуп иаалырҟьаны иҳаҳаз ажәабжь бааԥс. Ҭаацәаныла анцәа ишиҳәара дыҟан, имаҭацәа дрылагәырӷьон еснагь. Уахь иҟоу дрылхымзааит", - ҳәа иҳәоит иара.
Нурби Джинджолия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рартист Нурби Џьынџьал
Нурби Џьынџьал диит мшаԥы 22 1960 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. 1986 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә училишье "ахкынагӡара" азанааҭ ала. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҿы аус иуан 1981 шықәса инаркны. Ансамбль даланы Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Франциа гастрольла дцахьан.
Нурби Џьынџьал 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахада иусԥҟала "Агәымшәаразы" амедал ианашьан.
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа Нурби Џьынџьал ахьӡ ихырҵеит 2009 шықәса рзы, Жәлар рартист ҳәа - 2016 шықәса рзы. 2020 шықәса цәыббрамза инаркны Акәашареи ашәаҳәареи жәлар рансамбль анапхгаҩыс даҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0