Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Абжьаҟаза: Ҳаразиа ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыргьежьраз ахеилак азҵаатәы хадақәа ирызкны

Абжьаҟаза: Ҳаразиа ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыргьежьраз ахеилак азҵаатәы хадақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыргьежьраз аҳәынҭқарратә еилак ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит арепатриациаз ахеилак ари ашықәсан имҩаԥнагаз аусура атәы, насгьы иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа ртәы дазааҭгылеит.
"Аҳәынҭқарратә программа аус адуланы еиқәыршәоуп, уажәы Апарламент аҿы ишьҭоуп, иаарласны иахәаԥшраны иҟоуп. Уи адагьы азакәан иҳамоу арепатриациа аганахьала аихшьаала ҟаҵаны ахәҭаҷқәа рыԥсахразы Жәлар реизарахь инагоуп. Ҳгәы иаанагоит ари аилазаара иҟоу русура хдыркәшаанӡа еиҭахәаԥшып ҳәа", - иҳәеит Ҳаразиа арадиоефир аҿы.
Арепатриациаз ахеилак ахантәаҩы иҳәеит аҿар рыбжьара аимадарақәа кыр ишыԥсыҽхаз, уи азҵаара аус адулара шцо.
"Ацара- аара даара ицәгьахеит. Аибабара цәгьахеит. Аха ҳара ҳусура аанкыланы иҳамаӡам. Раԥхьа инаргыланы аҿар реимадара, урҭ реибабара иԥсыҽны иҟоуп. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа хеидкыла афедерациеи Иорданиа иҳамоу ахеилаки рахь аҳәара ҟаҳҵеит ахәыҷқәа аарышьҭырц. Сынтәа арзаҳалқәа маҷымкәа иҟан, иалыршахеит гәыԥҩык раагара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳаразиа.
Вадим Ҳаразиа аиҿцәажәараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳџьынџьуаа рцара-раара зырманшәалахаша азҵаара аӡбара ишаҿу, ишцо аиҿцәажәарақәа мшынла амҩа аартразы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0