Аексперт "Спутник V" омикрон-штамм аҿагылараҿ хәарҭара алоуп иҳәеит

© Foto / Пресс-служба НИИ эпидемиологии и микробиологии им. Н.Ф. Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Спутник Лайт" вакцина от COVID-19
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2021
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара абҵарамзазы имҩаԥнагаз аилатәараҿы аӡбамҭа аднакылеит Аладатәи Африка иазгәарҭаз акоронавирус ахк ҿыц агәҭынчымра аазырԥшуа акәны иԥхьаӡазарц.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. "Спутник V" акоронавирус аиҭакрақәа, ахуқәа "омикронгьы" налаҵаны ирыхәарҭам уҳәартә иҟам ҳәа иҳәеит Урыстәыла аинвистициақәа рфонд (РФПИ) ахада Кирилл Дмитриев.
"Спутник" иахьазы адунеи егьырҭ алаҵақәа зегь раасҭа хра аманы иҟоуп агеномтә еиҭакрақәа рҿагыларазы. Убри инадҳәаланы "Спутник V" акоронавирус аиҭакрақәа, ахкқәа "омикронгьы" налаҵаны ирыхәарҭам уҳәартә иҟам", - иҳәеит Дмитриев агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо.
Иара иазгәеиҭеит, акоронавирус зырҵысуа ахк ҿыцқәа "Спутник " аршьцылара атаххар ҩымз-хымз аус шадулатәхо.
Дмитриев иара убасгьы иҳәеит, "Спутник V" ҟазҵаз 130-нтә еиӷьны ихьчоуп алаҵа ҟазымҵац раасҭа ҳәа. Иазгәеиҭеит урыстәылатәи алаҵа ахьчаратә ҟазшьа шыҳараку.
Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Аҵарауаа омикрон-штамм ацәырҵраз аверсиа ҿыц атәы рҳәеит
Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург уаанӡа иҳәахьан алаҵа "Спутник V" ацәеижьҿагылақәа еиҳа ишыҭбаау егьырҭ алаҵақәа раасҭа, убри азы аиҭакрақәагьы рҿагылараҿы хра шамоу.
Аштамм - B.1.1.529 - "омикрон" ҳәа хьӡыс иаҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0