Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа аԥараҿырпқәа рсахьақәа рзы: иҭухуа ҟаҵашьас иарҭо удыруазароуп

Џьапуа аԥараҿырпқәа рсахьақәа рзы: иҭухуа ҟаҵашьас иарҭоу удыруазароуп
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы, Аԥсны агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа рсахьақәа равтор Баҭал Џьапуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥараҿырпқәа рсахьа аиқәыршәара аус шеиҿкаау атәы.
"Аԥсуа маҭәеи Нхыҵ Кавказ ҳашьцәа рышәҵатәи иазкны хаз теманы ишьҭыхны иҟоуп. Атематика рҿаԥхьа иқәдыргылеит Амилаҭтә банк акомиссиа. Атема ҳзааигәошәа ҳбоит, аха иаҳзымдыруа рацәоуп. Уи аҭҵаара аҭахуп. Аԥстәқәа иалкаахаз гәыԥҩык ҳаидтәалан иҳаӡбаз акоуп. Уа аекологцәагьы алан. Аԥстәқәа лассы иуԥымло акоуп, аҷыдарақәа рымоуп ҳаԥсабара иадҳәаланы. Аколлекционерцәагьы алахуп ас еиԥш алԥшаараҿы. Урҭ еизырго аԥараҿырпқәа рацәоуп. Дара ауаа иаҳа аинтерес зызрымоу рдыруеит, уи ҳаҵарҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Асахьа аԥараҿырпы ахь аиагара атехнологиа далацәажәауа асахьаҭыхҩы иҳәеит, уи азнеишьа ҷыдақәа шаҭаху.
"Иҭухуа уа ҟаҵашьас иарҭо удыруазароуп. Сара абас исгәаԥхеит ҳәа инаушьҭыр, ҳара ас еиԥш ҳзыҟаҵаӡом ҳәа уарҳәар ҟалоит. Аԥараҿырпқәа зныктәи акшаралоуп ишыҟаҵоу. Ҳара хәымз-фымз аус адааулоит, даргьы убысҵәҟьа, вбак амаиуа иҟаларцаз. Иҭухуа дара ртехнологиа иарнаалан иҟауҵароуп. Уи иахьуԥырхагоугьы ыҟоуп, избанзар иуҭаху зегьы узыҟаҵаӡом, аха даҽа ганкахьала, иаҳа уархәыцуеит. Акомпозициа аума, аиҿыртәашьа аума, иаҳа уазхәыцуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0