Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Џьниеи аицлабра "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Џьниеи аицлабра "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" аҟазацәа рыбжьара ҵакыс иамоуи, насгьы иалкаахаз аусумҭа алахьынҵеи ртәы арадио Sputnik астудиаҿы еиҭарҳәеит асахьаҭыхыҩцәа Виссарион Ҵәыџьбеи Витали Џьниеи.
Асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Анатиурморт" ашықәсан иаԥҵаз иреиӷьу аусумҭа ҳәа иалкаауп. Аҩбатәи аҭыԥ ианашьан Витали Џьениа, аусумҭа "Викториа" азы, ахԥатәи – Аԥшьа Ҳагԥҳа "Уахынлатәи ацәажәара" азы.
Апандемиа - аҟазара иадҳәалоу ауаа рахьынтә асахьаҭыхыҩ изы иаҳа иманшәалахаз аамҭахеит, уи аусуразы алшара инаҭеит. Еснагь асахьаҭыхыҩцәа зызхәыцуа иусура далганы иҟазарҭаҿы данбанеиуа ҳәа ауп, азгәарҭеит аҟазацәа арадиоефир аҿы.
Виссарион Ҵәыџьбеи Витали Џьениеи еиҭарҳәеит, аиҩызцәа рыбжьара аиндаҭлара ҵакыс иамоу атәы, насгьы ас еиԥш иҟоу аицлабрақәа рахь аҿар русумҭақәа анагара ихымԥадатәны изырыԥхьаӡо.
Аԥсны иалыркааит 2021 ашықәс азы иреиӷьу асахьа
Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" анашьара аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла адгыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0