Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа алаҵаҟаҵара иаҿагылоу рзы: изырҭахым еиҿкааны ирызҳәаӡом

Џьапуа алаҵаҟаҵара иаҿагылоу рзы: изырҭахым еиҿкааны ирызҳәаӡом
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥгаз аилатәараҿы Ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа иҳәеит, алаҵаҟаҵара ахәарҭа ахьырзеилымкаауа иахҟьаны ҩыџьа иколлегацәа аусура аҟынтә аамҭала ишамху. Арадио Sputnik аефир аҿы уи иажәақәа ахҳәаа риҭеит.
"Алаҵаҟаҵара рҭахӡам, уи зырҭахым ахы аҵыхәа еиҿкааны ирызҳәаӡом. Ачымазара алаҵа ала инкылатәуп. Уи ирлас ианыҟаҳамҵа, ашәарҭара ду арҵысуеит. Аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит. Аамҭа ҳгонаҵы, аштамм ҿыцқәа рыҽдырцәгьар алшоит. Усҟан алаҵа анамыхәа, ҿыц ихәыцхтәхоит, уи еиҭа аамҭа агоит. Аҳақьымцәа ирбоит ачымазара иҟанаҵо, ҩышықәса ҵуеит уи иаҿагылоижьҭеи, убри аан алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара макьана ишмаҷыз иаанхоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0