Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зегьы лара илылшон, зегьы дрыхьӡон, улықәгәыӷратә дыҟан!": Нана Лакашьиаԥҳа лзы ажәа

© Foto / Марина БарцицНанули Лакашия
Нанули Лакашия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2021
Анапаҵаҩра
Лыԥсҭазаара далҵит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, апедагогикеи апсихологиеи ркафедра аиҳабы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Нанули Лакашьиаԥҳа. Иахьа лара аҵыхәтәантәи лымҩа дықәлоит.
Изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Нанули Лакашьиаԥҳа лзы лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит 30 шықәса реиҳа дыздыруаз, илҩызаз Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуаҭҵаара акафедра адоцент, Sputnik аколумнист Марина Барцыцԥҳа.
Аковид чымазара аамҭацәгьа ҳажәлар реилазаара ааха ӷәӷәа ҳаҭо иаауеит. Илаамҭамкәа дҳаԥхеит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, апедагогикеи апсихологиеи ркафедра аиҳабы Нанули Лакашьиаԥҳа. Ари цәыӡ дууп ҳажәлар рзы, аус зцылуаз, лҩызцәа, лҭаацәа хазына рзы.
Нанули лҩызцәа зегьы Нана ҳәа акәын ишлаҳҳәоз. Ҳаибадырра ҟалеит 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы. Усҟан Москватәи аспирантурақәа ирылганы иааит 10-ҩык рҟынӡа аҵарауаа ҿарацәа, Ауниверситети ҳ-Аԥсуа институти рҟынгьы аусура иалагеит зегьы.
© Foto / предоставила Тали Джапуа

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан - Sputnik Аҧсны
1/2

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

© Foto / предоставила Тали Джапуа

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан - Sputnik Аҧсны
2/2

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

1/2

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

2/2

Нанули Лакашьиа лыстудентра ашықәсқәа раан

Нас аибашьраан, октиабр мзазы лареи сареи ҳаиццеит Аҩада Ешыраҟа, Берзениа напхгара зиҭоз аҩбатәи абаталион ахь, Ҭали Џьапуаԥҳаи Надиа Ашәԥҳаи медиаҳәшьцәас иахьыҟаз. Цугуровкаҟа ажәылара идықәлоит ҳәа иаҿын урҭ, ҳара зынӡа рылаҿгьы ҳмааит, шәшеибыҭоугьы маншәалам рҳәеит. Нас аибашьра ааилгаанӡа Нана Лакашьиаԥҳа лаҳәшьа Мананеи лареи, убасгьы Цира Габниаԥҳа, Лили Ҳагԥҳа, Емма Анқәабԥҳа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Ира Кәакәасқьырԥҳа убас егьырҭгьы хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Аконфедератцәа рыштаб аҟны амаҵ руан.
© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьцәеи амедиаҳәшьцәеи рыбжьара

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьцәеи амедиаҳәшьцәеи рыбжьара - Sputnik Аҧсны
1/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьцәеи амедиаҳәшьцәеи рыбжьара

© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыштаб аԥхьа

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыштаб аԥхьа - Sputnik Аҧсны
2/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыштаб аԥхьа

© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыгәҭа

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыгәҭа

© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз анынаскьаргоз

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз анынаскьаргоз - Sputnik Аҧсны
4/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз анынаскьаргоз

© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан - Sputnik Аҧсны
5/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан

© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа амитинг аҿы

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа амитинг аҿы - Sputnik Аҧсны
6/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа амитинг аҿы

1/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьцәеи амедиаҳәшьцәеи рыбжьара

2/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыштаб аԥхьа

3/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыгәҭа

4/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьра иааз анынаскьаргоз

5/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан

6/6

Нанули Лакашьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа амитинг аҿы

Нана ианакәызаалак ажәлар рус, аԥсуажәлар рлахьынҵа ианыԥшыр ззыҟалоз хҭыск ҟаланы аганахь дгыланы, зегьы ззеиԥшу аӡә иеиԥш дзыҟаломызт, уи ҟалашьа амамызт. Дааҳдыруеижьҭеи ажәлар ирԥырхагаз ак ҟалар, лара ихьаалгон, лара лгәы иалырсуан, риашашьас иамоузеи ҳәа дазхәыцуан, дидеологын. Уи илыман агәаӷьра, ахы амеигӡара, аиашара. Иахьа аамҭа акалашәа иҟалеит, иаартны аиаша аҳәара модамшәа, аиаша аҵкьыс амц аԥыжәара агома ҳҳәо ҳанхықәгыла, Нана леиԥш иҟоу аҵабырг баны амц зымҳәо, аиашаҳәашьа иақәшәо ауаа маҷхошәа ҳбоит. Иалаҳхи, џьара иаҳԥырхагахар ҟалоит ҳәа, уҿаҿы акы рҳәо, уашьҭахь даҽакы рҳәо, згәы иҭаҵәҟоу аартны иззымҳәо рацәахагәышьеит. Урҭ дреиуамызт лара, лара лыуаҩра даҽакын. Убри зегьы ахьынтәаауаз лыжәлар рыбзиабара, даныхәыҷыз инаркны дызлааӡаз аҟынтә акәын.
Аҭаацәа ԥшӡа, аҭаацәа бзиа ирылиааз лакәын Нанули Тонто-иԥҳа Лакашьиаԥҳа. Лара лан дырҵаҩын, Аџьынтәылатә еибашьра Ду иалҵны иааз лыԥшәмеи лареи рыхшара иреиҳаӡоу аҵарақәа ирылдыргеит. Аҟәатәи Апедагогикатә институт аԥсуа факультет курск аҿы илыцтәаз ишырҳәо ала, Нана ианакәызаалак деиҿкаан, дҷыгәын лҵараҿгьы. Ишдыру еиԥш, астудентцәа шамахамзар ԥшьба-хәба ҳәа аҵара зҵогьы, џьара иргәамԥхо маҭәарк ыҟазар ҟалоит. Аха Нана амаҭәарқәа зегьы инеибанеибеиԥшны ессымша дырзыҟаҵан. Убас ала, Аҟәатәи Апедагогикатә институт адиплом ҟаԥшь ала далгеит.
© Foto / Марина Барциц

Нанули Лакашьиеи лҩызцәеи 1996 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа раан

Нанули Лакашьиеи лҩызцәеи 1996 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа раан - Sputnik Аҧсны

Москва аспирантура дҭаларазы аԥышәара анылҭиуаз, Ҭали Џьапуаԥҳа дылзыԥшны дгылан. Нана даноурышьҭ, длышьҭалан даадәылҵит апрофессор: "Шәҩыза лоума шәыззыԥшу? Лара лыла шәыҽхәаратәы шәыҟоуп!", - иҳәеит. Убасгьы қәҿиарала лҵара хыркәшан, акандидаттә диссертациа хьчаны дхынҳәуеит Аԥсуа университет ахь.
Илылшоз рацәан Нанули Лакашьиаԥҳа: акыр шықәса апедагогикеи апсихологиеи ркафедра анапхгаҩы имаҵура дахагылан; асааҭ рацәа лыман, еиуеиԥшым афакультетқәа рҿы алекциа дырзаԥхьон, дзыԥхьоз лмаҭәар хымԥада ирымҵар ада ԥсыхәа рымамызт лыстудентцәа; аԥсуаа рмилаҭтә педагогика даспециалистын, имҩаԥылгон аҭҵаарақәа; уи адагьы адиссертациатә хеилакқәа ҩба рҟны дмаӡаныҟәгаҩын, ианыуадаҩыз аамҭаз ауаажәларратә ус дагӡамызт. Зегьы лара илылшон, зегьы дрыхьӡон, улықәгәыӷратә дыҟан!
Лҩыза, шықәса ҩынҩажәа еивагылан аус лыцызуаз, апедагогикатә факультет адекан Лиудмила Георги-иԥҳа Бениаԥҳа лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо илҳәоит: "Иахьа Нана лара лусураҿы дзыԥсахуа сыздырӡом". Ишырҳәо еиԥш, ҵәатәы шьаҟаны даҵагылан лфакультет.
© Foto / Марина БарцицНанули Лакашьиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы лколлегацәа рыгәҭа
Нанули Лакашия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2021
Нанули Лакашьиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы лколлегацәа рыгәҭа
Нана Лакашьиаԥҳа илықәнагоу ажәа, дзыԥсаҵәҟьаз атәы аҳәара цәгьоуп. Абас иазыҟаҵаз, абри аҩыза аусеиҿкааҩ, анапхгаҩы, аҿар рабжьгаҩ, еилымхрада рымҩақәҵаҩ дмаҷуп. Иреиӷьыз астудентцәа, егьырҭ афакультетқәа рҟынтәигьы акы злыҵшаз, лкафедрахь иганы дрыхӡыӡаауа, лԥышәа рымадо, напхгара рылҭон, илааӡон, иазыҟалҵон.
Иахьа, аиаша ажәа ахаҭагьы иаҳа-иаҳа имаҷны ҳхы ианаҳархәо, Нана леиԥш аиаша зыхьчо, аиаша иазықәԥо, аиаша аиааира азырго ауаа ҳаманаҵы акгьы ҳахьуам. Лара дҳагзаауеит, лҭыԥ ҭацәны иаанхоит ҳабжьара. Уи дыздыруаз ҳаҟанаҵ даҳхашҭуам, ҳгәалашәараҿ лхы-лҿы еихаччо длашаӡа даанхоит. Дырхашҭӡом илааӡоз, дзыхӡыӡаауаз аҿар, лыстудентцәа лара лус иацызҵаша гылашт. Леиԥш иҟоу аҵеира, леиԥш згәы цҳафыруа ҳажәлар рлахьынҵа иалазааит есымша! Лара дахьазнеиз дазымшхааит, анаӡараҿ даҳцәымӡааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0