Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Путин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Ҳаҭырқәҵара дула ишәыдсныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа - Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш. Ԥхынҷкәын 12 1993 шықәса Урыстәыла иахьатәи аҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит, уи атәыла аҿиара аетап ҿыц иасимволуп", – ҳәа ануп Аԥсны ахада ипресс-маҵзура иаарыцҳаз адныҳәалара атекст аҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи иреиҳау амал шыҟам атәы зҳәаз Урыстәыла Аконституациа аҳәынҭқарра ҵәатәы шьаҟас ишаҵагылоу.
"2020 шықәса рзы Азакәан Хадахьы аиҭакарақәа ралагаларазы Урыстәыла имҩаԥысыз азеиԥш бжьыҭара иаанарԥшит Шәара имҩаԥыжәго аусура ажәлар агәра шырго, ишадгыло", - ҳәа инаҵишьит Аԥсны ахада.
Иара урыстәылауаа ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи аизҳазыӷьареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0