Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акапиталтә ргылара аусбарҭа Аҟәа-Очамчыра амҩаду арлашара иалацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент посетил участок Республиканской трассы в районе Адзюбжи, где устанавливаются столбы освещения.
Президент посетил участок Республиканской трассы в районе Адзюбжи, где устанавливаются столбы освещения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра апроект мҩаԥысуеит Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, актәи аетап азы иақәхарџьхоит 74 миллион мааҭ.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра ахәҭаҿы алашара амҩаԥгара аплан ишарбоу ицоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа.
"Актәи аетап иааиуа ашықәс азы ихыркәшахоит. Уажәы ашьаҟақәа рфундамет амонтаж мҩаԥыргоит. Зегьы аплан ишақәшәо имҩаԥысуеит. Иааиуа ашықәс азы аусурақәа рыхәҭак хыркәшахоит аилаӡареи аграфики инарықәыршәаны", - ҳәа иҳәеит иара.
Гамсаниа иазгәеиҭеит ашьаҟақәа ахьҭадырҭәо 250 ҭыԥ аздырхиахьеит ҳәа.
Уаанӡа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз Гамсаниа иҳәахьан актәи аетап аан иарбоу арлашага шьаҟақәа амҩаду 19-47-тәи акилометрқәа рҿы иқәыргылахоит ҳәа. Ахарџьқәа зегь ааидкыланы 76 миллион мааҭ итәоит.
Президент посетил участок Республиканской трассы в районе Адзюбжи, где устанавливаются столбы освещения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Иара убри аамҭазы атрансформатортә станциамаҷқәа рықәыргыларазы аусурақәа цоит. Дара ирҿыгахоит алашара. Зынӡа иазыԥхьагәаҭоуп 12 цыра.
Урҭ рыбжак актәи аетап аан иқәдыргылоит.
Аҩбатәи аетап аан аҽа 26 километр ҟарҵараны иҟоуп. Иқәыргылахоит 800 шьаҟа. Ари иаго ахарџьқәа макьаназы ишьақәыргылам, урҭ иааиуа Аинвестпрограммаҿы иарбахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0