Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәымсҭа ақыҭан амца зкыз ахатәы ҩны ахаҵа далаблит

© Foto / МЧС РА Сгоревшее подсобное помещение частного одноэтажного дома по Бзыпскому шоссе
Сгоревшее подсобное помещение частного одноэтажного дома по Бзыпскому шоссе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
Амцакра ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 15 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа, Бзыԥтәи амҩаҿы ахатәыҩны аҿаԥшьы амца акит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амцарцәаҩцәа асааҭ 21:18 рзы инеиит. Аха усҟантәи аамҭазы аҩны зегьы былхьан. Аҭыԥ аҿы АҶА аусзуҩцәа ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит. Уи ихаҭара шьақәыргылам.
Иара убасгьы ԥхынҷкәын 15 азы Аҟәа, Аргәын имҩаду аҟны игылаз ахатәы амҿтәыҩны амца акит. Амцарцәаҩцәа аннеи аҩны амца иамҽханакхьан. Ауаа ԥырхага рмоуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0