Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокурор хада Кокаиеи Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхразы ашәҟәы азирхиеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрба Апарламент ахь ашәҟәы наишьҭит Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхны дара рганахь ала ашьаус хацыркра азин аиуразы. Абри атәы аҳәоит Апрокуратура хада асаит.
Цәыббра 30 ауха Аиааира амшныҳәа азгәазҭоз адепутат Гарри Кокаиеи, аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат аԥшаҳәаҿы ажәҩанахь данхыс ашьҭахь. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, уи ауха адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбра иарбаны дхысит.
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Жәлар Реизара адепутатцәа Кокаиеи Арӡынбеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа иазашшит
Уаанӡа, жьҭаара 18 азы Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭымҭа инақәыршәаны, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭа ахәҭаҷқәа рыла: амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара ҳәа. Адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭа – амбжьахра, абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Абҵара 5 азы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рыдукатцәа жьҭаара 18, 2021 шықәсазы адепутатцәа румҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭазы ашшыԥхьыӡ нарышьҭит.
Адукатцәа ргәаанагарала, адепутатцәа румҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа рыдыркылеит аматериалтәи апроцессуалтәи закәанԥҵара еилаганы, Апрокуратура хада раашьҭымҭа заҵәык шьаҭас иганы.
Ԥхынҷкәын 8 азы адепутатцәа рышшыԥхьӡқәа ықәыргеит. Аӡбамҭақәа рыҩбагьы азинмчра роуит 2021 шықәса ԥхынҷкәын 8 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0