Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа телехәаԥшрала иддырбеит Бжьаниеи аоппозициа аделегатцәеи актәи реиԥылара авидео

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 21 рзы ҩынтә аоппозициа аделегатцәа идикылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсуа телехәаԥшрала иддырбеит ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысыз Аслан Бжьаниеи аоппозициа аделегатцәеи актәи реиԥылара авидео.
Ԥхынҷкәын 21 рзы ззин ҟаҵамыз амитинг алахәылацәа ҩынтә атәыла ахада иахь ауаа нарышьҭит. Актәи аиԥылара акадрқәа Аԥсуа телехәаԥшрала идырбан.
Ахада Аслан Бжьаниа аполитикатә партиа "ФНЕА" аԥхьагыла Аслан Барцыци Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиеи данырԥылоз иазгәеиҭеит аоппозициа ахаҭарнакцәа рацәажәара дшазыхиоу.

"Шәааи баша алацәажәара акәым, адгылара ҟашәҵа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы. Шәара абас аицәажәара шәазыхиазар, саргьы сазыхиоуп. Шәықәыӷәӷәара сҭахым. Саргьы шәсықәмыӷәӷәан. Ҳаҭыр еиқәаҳҵап", - иҳәеит ахада.

Иара убасгьы иҳәеит хаҭа-хаҭала азҵаарақәа дышрылацәажәо, акыр еицырыӡбар, уи шынагӡахо.
Обстановка у здания администрации Президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Аԥсны
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ахәшьара арҭоит
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон. Шьыжьнаҵы аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан.
Амитинг иалахәыз атәыла ахада иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, Апарламент ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.
Асааҭ 21:15 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿцәажәаразы атәыла ахада иахь ҩаԥхьа инеит. Уи ашьҭахь арезолиуциа рыдыркылеит.
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциаҟны ирыдыркылаз арезолиуциа ианаԥхьа ашьҭахь еизаз ауаа еилыҵит.
Ажәабжьқәа зегьы
0