Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь 2022 шықәсазтәи абиуџьет шьақәнарӷәӷәеит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Депутаты Горсобрания приняли бюджет Сухума на 2022 год
Депутаты Горсобрания приняли бюджет Сухума на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь 2022 шықәсазтәи абиуџьет шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аҟәатәи ақалақь Ахадара афинансқәа рыҟәша аиҳабы Алхас Лагәлаа еибакапануа абиуџьет апроект рыдигалеит, уаҟа аныхрақәеи ахашәалақәеи еиҟароуп, иазгәаҭоуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансфер- 82 миллион 328 200 нызқь мааҭ, ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳҭнықалақь 2022 шықәсазтәи абиуџьет абас иҟоуп: ахашәалахәҭа - 1 178 424,8 нызқь мааҭ, иацҵоуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансфер 82 328,2 нызқь мааҭ, аныхрақәа 1 260 753, 0 нызқь мааҭ.

Абиуџьет усзуҩцәа рулафахәы иартәоит 646 796,8 нызқь мааҭ.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара иалахәын 15-ҩык адепутатцәа, дара еицҿакрыла Аҟәа 2022 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0