Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Алхратә комиссиа хада алахәылацәа быжьҩык аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны  апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит 2022 шықәса хәажәкыра 12 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23- Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылацәа быжьҩык аиҭеит. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Аҳәынҭқарра ахада исаит аҟны.
Аусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны алхратә комиссиа хада аилазаара иаҭоуп:
Ашәба Адгәыр;
Быҭәԥҳа Саида;
Маршьан Дмитри;
Хышба Инал;
Хоџьикиан Ануш;
Шаҭ-иԥа Омари.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы.
Алхратә комиссиа хада шьақәгылоуп 15-ҩык рыла. Ааҩык алахәылацәа Апарламент иалнахуеит, быжьҩык Аҳәынҭқарра ахада иеиҭоит.
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аԥсны Апарламент АКХ алахәылацәа ааҩык алнахит
Алахәылацәа зегьы аналырхлак ашьҭахь АКХ рапҳьатәи аилатәараҿы иҟоу алахәылацәа рҟынтәи далырхуеит акомиссиа ахантәаҩы, уи ихаҭыԥуаҩ, амаӡаныҟәгаҩ.
Аԥсны АКХ ахантәаҩи уи ихаҭыԥуаҩи аулафахәы рзыршәоит, уи аҟнытә дара арҵаратә, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усура ада аҽакы рнапы аларкыр ҟалом.
Ажәабжьқәа зегьы
0