Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 2400-ҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит абҵара 18 раахыс

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от гриппа в Краснодаре
Вакцинация от гриппа в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша имҩаԥгаз Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб реилатәараҟны шаҟаҩы алаҵа ҟарҵахьоу иалацәажәеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23- Sputnik. Абҵара 18 инаркны ԥхынҷкәын 22-нӡа COVID-19 аҟынтәи "Спутник V" алаҵа ҟарҵахьеит 2451-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
Иахьатәи аамҭазы алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит 5427-ҩык. Иааидкыланы Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 14 378-ҩык.
Абҵарамза аҽеиҩшамҭаз Аԥсныҟа иааган урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6000 доза, ари апартиа Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ареспубликахь иааргараны иҟоу 30 нызқь доза алаҵа актәи ахәҭоуп. Алаҵа аахәан аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.
Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны алаҵа "Спутник V" 6500 доза ааит мшаԥымза алагамҭазы. Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааган хә-нызқь доза иҟоу даҽа партиак "Спутник лайт". Алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба. Иара убас "Спутник Лайт" даҽа 500 доза апансионат "Литфонд" ҳамҭас ианаҭеит аконцерн "Росатом".
Ажәабжьқәа зегьы
0