https://sputnik-abkhazia.info/20211224/venesuela-iou-asny-atsarazhai-bolivia-atsarazhai-reiylara-maysit-karakas-1036901888.html
Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара мҩаԥысит Каракас
Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара мҩаԥысит Каракас
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара. 24.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-24T14:46+0300
2021-12-24T14:46+0300
2021-12-24T14:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аполитика
инал арӡынба
аԥсны адәар
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/18/1036901422_0:38:800:488_1920x0_80_0_0_850f8984b3a2be31d3a721862eb6dbed.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24- Sputnik. Ԥхынҷкәын 23 азы Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара, ҳәа ааицҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.Аиԥылараан ирылацәажәан аусеицура, агуманитартәи ахәаахәҭра-економикатәи еимадарақәа уҳәа реиԥш иҟаз азҵаарақәа жәпакы.Ҳара адгылара аҳҭоит Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа анапхгара русура – ажәларқәа рхьыԥшымреи рсуверинитети, рхатә хҳәаақәҵараз азини шьаҭаны измоу адунеи ашьақәыргылараҿ ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ААР аиԥылара ахҳәаа ҟаҵо."Аԥсны Аҳәынҭқарра Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа аиԥш жәларбжьаратәи азин анорма хадақәеи ООН Аԥҟаԥҵәа апринцип хадақәеи, аҳәынҭқаррақәа реиҟарареи, аҩнуҵҟатә усқәа ахрыламгалареи рықәныҟәара ус хаданы иашьоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.Абри инадҳәаланы Боливиеи, Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи, Ареспублика Никарагуеи рганахь ала мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго, изакәаншьаҭадоу аполитикатә қәыӷәӷәара партниорк, стратегиатә дгылаҩык иҳасаб ала ҳақәыӡбоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр."Ахәшьара ҳарак аҳҭоит атәылақәа зхала аҿиара адгылара азҭо Боливиа адәныҟаполитикатә хырхарҭа, аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә суверинитети ажәларқәа ракзаареи ирықәнаҵо аҳаҭыр", - аихшьаала ҟаиҵеит Арӡынба.
https://sputnik-abkhazia.info/20211217/zaur-aaai-daniela-rodrigesi-venesuela-eiyleit-1036761466.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211208/shamtyla-iou-asni-kitaii-rytsarazhatsa-reiylara-maysit-damask-1036648674.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/18/1036901422_50:0:751:526_1920x0_80_0_0_db2f4c29512d681372af779c6a7a30ae.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика, инал арӡынба , аԥсны адәар
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика, инал арӡынба , аԥсны адәар
Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара мҩаԥысит Каракас
14:46 24.12.2021 (ирҿыцуп: 14:53 24.12.2021) Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24- Sputnik. Ԥхынҷкәын 23 азы Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара, ҳәа
ааицҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Аиԥылараан ирылацәажәан аусеицура, агуманитартәи ахәаахәҭра-економикатәи еимадарақәа уҳәа реиԥш иҟаз азҵаарақәа жәпакы.
Ҳара адгылара аҳҭоит Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа анапхгара русура – ажәларқәа рхьыԥшымреи рсуверинитети, рхатә хҳәаақәҵараз азини шьаҭаны измоу адунеи ашьақәыргылараҿ ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ААР аиԥылара ахҳәаа ҟаҵо.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа аиԥш жәларбжьаратәи азин анорма хадақәеи ООН Аԥҟаԥҵәа апринцип хадақәеи, аҳәынҭқаррақәа реиҟарареи, аҩнуҵҟатә усқәа ахрыламгалареи рықәныҟәара ус хаданы иашьоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Абри инадҳәаланы Боливиеи, Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи, Ареспублика Никарагуеи рганахь ала мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго, изакәаншьаҭадоу аполитикатә қәыӷәӷәара партниорк, стратегиатә дгылаҩык иҳасаб ала ҳақәыӡбоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
"Ахәшьара ҳарак аҳҭоит атәылақәа зхала аҿиара адгылара азҭо Боливиа адәныҟаполитикатә хырхарҭа, аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә суверинитети ажәларқәа ракзаареи ирықәнаҵо аҳаҭыр", - аихшьаала ҟаиҵеит Арӡынба.