Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абиԥарақәа рхьаа: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Қаҩаа рҭоурых

© Foto / предоставила Саида ЖибаГагра, здание нквд
Гагра, здание нквд - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Анапаҵаҩра
"Аиаҭым икәакәар былуам" рҳәоит аԥсуаа ражәа иалаҵаны. Аиашазы, анцәа имчала ауп акәымзар, уаҳа ԥсеиқәырхагас ирзыҟалои гәарҭак ахәыҷқәа ан лнапы ианԥсыланы аб ҿааҳәыра имамкәа аҩны дандәылырго?!. Усҟан ҳазшаз, аԥҳәыс агәаӷьреи ачҳареи лылаиҵозар акәхап лыхшара ари адунеи аҟны рҭыԥ алархырц азы. Уажәы ишәыдызгало анҵамҭа рызкуп 37-тәи ашықәс хьанҭақәа ирылаӡыз аишьцәа Қаҩаа. Аҭоурых еиҭеиҳәеит дара ирхылҵшьҭроу Уасил Григори-иԥа Ақаҩба.
Гәдоуҭа араион инхо Қаҩаа Дали Ҵабали ирылҵыз роуп. Абӷархықәи Ҟәланырхәеи ирыбжьысуа аӡиас Дахәара азааигәара аамҭак азы анхарҭа ҭыԥ алырхит. Ашьхаҭыԥқәа рахь инхаз рашьцәа амҳаџьырра иахнагеит.
День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Аԥсны
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых
Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Уасил Ақаҩба излеиҭеиҳәаз ала, иабду иаб Османи уи иашьа Ҭамшьыгәи, дара рыхшареи арыцҳарақәа рацәаны ирхыргеит. Аха еиҵагылаз абиԥара ҿа рҭаацәаратә ҭоурых еиҷаҳаны аамҭақәа иргәылыргоит ҳәа иаҿуп.
"Сабду иаб Османи раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыси хәҩык ахшара рхылҵит, аха ахәыҷқәеи рани агәыҵәкра чымазара рыхьын, еиқәырццакны рыԥсҭазаара иалҵит. Анаҩс Осман динасыԥхеит Аргәынԥҳак, лара лҟынтә хәҩык аҷкәынцәа иит. Урҭ дыруаӡәкын сабду Шьрыф, иашьцәа ирыхьӡын Шьрын, Кәаҿ, Нацкәыр, Муҭы", - иҳәоит амаҭа.
Аишьцәа Қаҩаа рыжәҩахыр еибыҭаны уаареигәырӷьаратәы еиҵагылеит. Доусы аҭаацәарақәа аԥырҵеит, рыхшара рааӡара рҽазыркит. Шьрыф Ҟәланырхәа аколнхара дахагылан, уи ашьҭахь Гәдоуҭа асанатори "Волга" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ имаҵура ныҟәиго далагоит. Шьрыф аҳәынҭқарратә ҩаӡара змаз ауаа ҳаҭырла изыҟан. Нестор Лакобеи иареи еиҩызцәан.
Письмо пером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха
"Нестор Лакоба даныршь, иԥсыжра аиҿкаара далахәын ҳәа сабду Шьрыф НКВД аусзуҩцәа длаԥшықәырҵеит. Санду Кантикәа Тәанԥҳа лажәақәа рыла, абҵара 22, 1937 шықәсазы аҩны ишеилатәаз, асахҭан палтақәа зшәыз ахацәа аарыхҭыгәлан, ажәак мҳәакәа ижәҩа данкны дрыманы ицеит. Уинахыс Шьрыф иӡбахә кацәеит. Дахьҭадырхаз аҭыԥ ҳәа џьоукы Гәымсҭа ахықә рҳәоит, џьоукых - Гәылрыԥшь. Ажәакала, еилкааны иҳаздырӡом", - ахҭыс далацәажәоит Уасил Ақаҩба.
© Foto / аҭацәаратә архив аҟнытәШьрыф Ақаҩба
Шьрын Ақаҩба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Шьрыф Ақаҩба
Шьрыф ԥшьҩык ахшара иман, аԥеи хҩык аԥҳацәеи. Аб дандәылырга адырҩаҽны ран дынрыдкыланы аҩны идәылырцеит. Ахәыҷқәа рышәҵатәыҵәҟьа лгаргьы рымуӡеит. Аԥҳәыс рыцҳа уаҵәы ирҿасҵои ҳәа дхәыцзаарын ауҭраҿы изызҳауаз ахәыл иҵылхуеит ҳәа лҿаныналха, илықәҟааны ддырхынҳәит. Кантикәа Тәанԥҳа ахәыҷқәа лгәыдыҳәҳәаланы Ҟәланырхәа аҩнду ҳәа иахьрымаз дцоит.
"Санду ибзиаӡаны дысгәалашәоит, лара лыдунеи анылԥсахуаз шәышықәса дырҭысхьан. Агәаҟра ианақәдыршәа нахыс шьыжьык лкасы лхыхны арыцҳара иҭазыргылаз лымшәиикәа илмырхәлацызт. Шьрыф иҩны зтәызтәыз аҿиара рымаӡам иахьагьы. Санду лҳақ иарӷьацаӡом", - иажәа иациҵоит амаҭа.
Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2019
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых
Сталини Бериеи рполитика хәымга Қаҩаа хәҩык аишьцәа рахьтә Шьрын заҵәык машәыршәа дацәцеит. Кәаҿ иԥеи иареи агәыҵәкра чымазара иагеит. Нацкәыр иакәзар Гагра, иахьа Абааҭатәи абахҭа ҳәа иахьашьҭоу дҭакны ддырҳәацәон. Анаҩс иабхәраа Хышаа абжьацәажәарақәа мҩаԥганы иԥсы ҿырхит.
"Адуцәа ирҳәоны исаҳахьан Нацкәыр абахҭантә данаа, ибӷа ацәа ықәӡамызт ҳәа. Ихәдаџьал инаркны ибӷаӡаранӡа ижьаӡа ааԥшуан", - еиҭеиҳәоит Уасил Григори-иԥа.
37-тәи ашықәсқәа иԥсҭазаара ҿахырҵәеит Аԥсни анҭыҵи еицырдыруаз раԥхьатәи аԥсуа режиссиор, артист, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ, адраматург Мҭы Ақаҩбагьы. Усҟантәи аамҭазы иара 31 шықәса дырҭан, Қарҭ атеатралтә институт аҿы аҵара иҵон. Иҩызцәа ражәақәа рыла, аишәа ишадтәалаз, дзыхныҳәаз арыжәтә агьама ибаанӡа ауада ддәылыргеит. Уи акәхеит…
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәМҭы Ақаҩба
Муҭа Ақаҩба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Мҭы Ақаҩба
"Мҭы Ақаҩба дандырӡ ашьҭахьгьы ибзиаӡбахә ауаа ирҳәон. Санқәыԥшыз, Қарҭ амилаҭ кәашара афестиваль аҿы адиплом III аҩаӡара санаишьон Академиатә ансамбль аиҳабы Илико Сухишвили. Исыжәлаз анеиликаа, "Мҭы уара дутәызма" ҳәа дсазҵааит. "Ааи" анысҳәа, "иара иҿынӡа макьана ухароуп" ҳәа саҭеикит", - иабду иашьа ҳаҭырла ишизыҟаз далацәажәоит сажәабжьҳәаҩ.
Мҭы Ақаҩба исценари ала аԥсуа тетар аҿы иқәдыргылахьеит "Аԥсуа чара" акомпозициа, иара убас "Инаԥҳа Кьагәа", "Кьахьба Ҳаџьараҭ" уҳәа.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәМҭы Ақаҩба
Муҭы Ақаҩба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Мҭы Ақаҩба
Шьрыфи Мҭи анҭадарха ажәашықәсқәа рышьҭахь ахара рхыхын, аха уи уажәшьҭа ҵакыс иамази рыхшара рзы.
Арепрессиақәа раан 25 шықәса аҭакра иқәырҵеит ажәабжь саналагоз хыхь зыӡбахә сымаз Ҭамшьыгә иԥа Чанҭагьы. Иара ихы данақәиҭыртә, Уасил Ақаҩба иаб Грышьа иоуп даазга.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЧанҭа Ҭамшьыгә-иԥа Ақаҩба
Ҷанҭа Ҭамшьыгә-иԥа Ақаҩба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Чанҭа Ҭамшьыгә-иԥа Ақаҩба
"Саб Сибра дцаны Чанҭа данааигоз сгәалашәоит. Ицәеи ибаҩи еикәыршаны, иԥсы зкыз узымдыруа. Иара дахьынӡаҭакыз иҷкәын Оҭар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны дҭахоит. Чанҭа иԥшәмаԥҳәыс Анҭица Арсалиаԥҳа лакәзар, сыԥсы еиқәзырхаз ҳәа слышьҭоуп. Саныхәыҷыз амаҭ ашҳам сагахьан, лнапала иҟаҵаны ислыржәуаз ахәшә акәымзар", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишоит аишьцәа ирхылҵшьҭроу Уасил Ақаҩба.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЧанҭа Тамшьыгә-иԥа Ақаҩба
Ҷанҭа Тамшьыгә-иԥа Ақаҩба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Чанҭа Тамшьыгә-иԥа Ақаҩба
Быжь-ҳәынҭқаррак дрылсны Венгриа аиааира даԥылеит Џьансыхә ҳәа изышьҭаз Уасил иаб Грышьа. Ахԥатәи Украинатәи афронт иҷыдоу амедицинатә баталион дахәҭакны машьынала ахәцәа мҩаԥигон. Жәафи бжаки шықәса ихыҵны абриаҟара агәаӷь ахьизҭаз џьашьатәыс имоуп уажәыгьы аԥа. Грышьа иеибашьратә мҩа 19 медал рыла иҩычоуп.
Аишьцәа Қаҩаа рҵакыра иахьа ԥсыцқьарыла зыԥсадгьыл амаҵ азызуа, хьӡи-ԥшеи змоу уаауп. Рабдуцәа хьӡырҳәагақәа рышьҭа иахьанымҵыз ауп уи хымԥада изыбзоуроу.
Ажәабжьқәа зегьы
0