Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа заа аӡынтәи аԥсшьарамшқәа рахь иоурышьҭуеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДистанционное обучение школьников в Краснодарском крае
Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асанитар-епидемиологиатә маҵзура абжьгарала ашколхәыҷқәа аӡынтәи рыԥсшьарамшқәа ирыцҵоуп аҿкчымазара акәымкәан, аԥсыԥлагаҩагара иазеицәоу ачымазарақәа ирхырҟьаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада лабжьгарала ашколқәеи аҵарадырратә усбарҭақәеи рыҟны аӡынтәи аԥсшьармшқәа раамҭеихша ԥсахуп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, аӡынтәи аԥсшьарамшқәа алагоит мчыбжьык заа. Ԥхынҷкәын 23 рзы имҩаԥысыз аоперштаб аилатәараҟны Абызшәатә политикеи аҵареи рзы аминистррахь абжьгара ҟарҵеит аӡынтәи ашколтә ԥсшьарамшқәа 2022 шықәса ажьырныҳәа 21 рҟынӡа ирыцҵазарц.

"Ашколқәа рҟны аҵара иалагоит ажьырныҳәа 17 инаркны, ажьырныҳәа 21 инаркны акәымкәа, ашықәсазтәи аҵараҵара аамҭа аҳәаа ҳҭымсырц азын, уи зыдҳәалоу аҵаратә плани ашколтә еихшанҵеи роуп. Аԥсшьарамшқәа ракәзар мчыбжьык заа иалагоит", - иҳәеит Қәҭелиа.

Уаанӡа, Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәахьан ари аӡбамҭа зыдҳәалоу акоронавирустә инфекциа акәым, аԥсыԥлагаҩагара иазеицәоу ачымазарақәа роуп ҳәа.
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура, иара убасгьы абжьгара ҟанаҵоит аныҳәамшқәа раан ахәыҷтәы центрқәеи акаҳуажәырҭақәеи рҿы ауснагӡатәқәа мҩаԥырымгаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0