Аҩны шкәакәаҿы ирҳәеит Урыстәыла–НАТО реиԥылара ажьырныҳәа 12 азы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа

Белый дом - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
Асаммит амшхәаԥштә азҵаара хада ҳәа иазгәаҭоуп ашәарҭадаратә хәдықәҵара азҵаареи НАТО Мрагыларахь арҭбаара алмыршареи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аҩны шкәакәа ахаҭарнак амаҵзура Реитер иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла–НАТО реиԥылара ажьырныҳәа 12 азы иазыԥхьагәаҭоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберггьы абри арыцхә аӡбахә иҳәахьан. Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Александар Грушко иҳәеит асаммит амшхәаԥштә азҵаара хада ҳәа иазгәаҭоуп ашәарҭадаратә хәдықәҵара азҵаареи НАТО Мрагыларахь арҭбаара алмыршареи ҳәа.
На фотографии изображен логотип НАТО, когда Генеральный секретарь НАТО Йенс Столтенберг проводит пресс-конференцию во время встречи министров обороны НАТО в Брюсселе 13 февраля 2020 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Столтенберг иҳәеит Урыстәыла Ахеилак— НАТО аилатәара ажьырныҳәа 12 азы имҩаԥгазарц
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рықәмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ииасыз амчыбжь азы илҳәеит ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Москва шазыхиоу НАТО ацәажәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0