Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА амедусзуҩцәа Сакенантәи Гәылрыԥшьҟа ачымазаҩ дылбааргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
Сакен ақыҭа Кәыдрытәи аҩхаа ашьхарақәа рымҵан ишьҭоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амедусзуҩцәа Сакенантәи Гәылрыԥшьтәи ахәшәтәырҭахь дылбааргеит амедицинатә цхыраара зҭаххаз ӷәӷәала ичмазҩу ахаҵа, абри атәы анацҳауеит аиқәырхаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Аԥсны АҶА аҳақьымцәа ачымазаҩ раԥхьатәи ацхыраареи ахәшәтәырҭа аҟынӡа дааргаанӡа иаҭахыз адгылареи ширҭаз.
Кәыдрытәи аиҩхаа аӡиас Кәыдры иахыҵхырҭоуп, аҳаракыра 1300 - 3984 метра иҟоуп. Аиҩхааҿ иҟоуп ҳабла-ҳаблала ишоу ақыҭақәа Ажареи Чҳалҭеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0