Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ ашьақәгылашьа иазку згәаҭарақәак

© SputnikКалендарь на 2023 год
Календарь на 2023 год  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2023
Анапаҵаҩра
Абар Ашықәс ҿыц ҳанҭалеит. Абри аамҭазы аԥсуа бызшәаҿы амзақәа рыхьӡқәа рбеиареи урҭ ирныԥшуа атрадициатә культуреи атәы дазааҭгылоит афольклорист Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аӡәырҩы ажәларқәа реиԥш аԥсуаа аҩыра шьақәгылаанӡагьы, амзар ҟалаанӡагьы аҧсабара ацклаԥшрала аамҭақәа реилысра, амзақәа рҽыҧсахра амза агыларала игәарҭон. Иара ажәа "амза" — ажәҩан икыдуи, "амза" — ашықәс амзақәеи рыхьӡқәа аиқәшәарагьы акыр абызшәақәа рҟын еиԥш аԥсшәаҿгьы ианыҧшит. Амзаҿа, амзаҭәымҭа, амзаҭахамаҭа – арҭ ажәақәа аамҭак аҟынтәи даҽа аамҭак ахь аиасра, амзак алагамҭеи, агәҭеи, анҵәамҭеи аазырԥшуа ракәны ҳбызшәаҿы иаԥҵан.
Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2018
Аԥсуа жәлар рамзар
Раԥхьаӡакәны аԥсуа амзар аӡбахә анҵан 1906 шықәсазы Анбан аҟны: "Аҧхьареи аҩреи рзы астатиақәа" ҳәа хыс изманы еиқәыршәаз ахәҭаҟны. Уи еиқәиршәеит аԥсуа школ абду ҳәа зыхьӡ Аԥсны иахыҵәаз Фома Ешба. Иара убас изныкымкәа амзар далацәажәахьан аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз Дырмит Гәлиа. Ҳаамҭазтәи аҵарауаа рҟынтәи амзақәа рыхьӡқәа рышьақәгылареи урҭ ирымоу авариантқәеи ртәы иалацәажәахьеит абызшәадырҩы Шоҭа Арсҭаа, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба. Шықәсқәак раҧхьагьы гәыԥҩык абызшәадырҩцәа рыхшыҩеилаҵара иабзоураны амзақәа рыхьӡқәа рвариантқәа еидкыланы, еиҳа еиӷьқәаз, аамҭақәа рҟазшьа аазырԥшуа ҳәа иалхны аԥсуа амзар аҵараусбарҭақәеи аҳәынҭқарратә наплакқәеи зегьы рҟны ахархәаразы иалагалан (уаанӡа ахархәара змаз амзақәа рыхьӡ аурыс вариант акәын).
Аԥсуаа иахьынхо аҭыԥ аҳауа ҷыдеи аԥсабареи, иара убас аԥсуаа рнапы злакәу анхамҩатә усқәеи рныҳәарақәеи реиҿыбаара иалҵшәахеит аԥсуа амзар ашьақәгыларагьы. Уи иааркьаҿны уазааҭгылозар, абас еиԥш иҟоуп:
Ажьырныҳәа – Аԥсуаа рҟны ихадароу аныҳәара ажьира анцәахәы изку аҟынтәи иаауеит ари амза ахьӡ. Аныҳәара ахаҭа амҩаԥгара ақәшәоит ашықәс ҿыц жәытәла ианаԥыло ажьырныҳәа 13 аухазы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы ари амза замҳараҳ ҳәа азырҳәоит.
Жәабран – аҩнатә ԥстәқәа рынцәа Аиҭар иаҵанакуа ныҳәароуп, ажәқәа рынцәахәы ихьӡ ала ишьақәгылоуп ари амза ахьӡ. Сабшак азы ари анцәахә ихьӡала жәабран мгьал рӡуан – ԥшь-кәакьк змоу амгьал ду ашә агәыламҵаӡакәа. Иара убас уи иаваргыланы ахәышҭаараҿы иқәырҵоит ацқьашә – ҷыдала абри аныҳәараз иҟаҵаз ашәха ду. Урҭ ԥшьы хәҭакны иԥҟаны аныҳәара мҩаԥыргон.
Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2019
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара
Ари амза иамоуп абас еиԥш иҟоу даҽа хьыӡқәакгьы: ӡынҵыхә, ӷымзымзахәыҷы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҟынтәи ианҵоу нҵамҭак аҿы ишҳәоу ала ианари ҧеруали цәыббра дуи цәыббра хәыҷи ҳәагь рзырҳәозаап. Цәыббра хәыҷы ус аҳәоит рҳәеит "цәыббра ду аҟара амч сымазар, ауаа ррыҧҳа-ргәаҵәа еиԥшыстәуан" ҳәа.
Хәажәкыра – Даҽакала қфатмза, ԥшамза ҳәагьы азырҳәоит. Ачгара ду ианыҵало раԥхьатәи амш азы имҩаԥырго ныҳәароуп. Аригьы аҩнатә ԥстәқәа рныҳәара, рыҿиара иазкуп. Аныҳәаразы ахәажәақәа ржәуеит, руак ахәажә-ҵәы (араса-ҵәы) агәылаҵаны иҟарҵоит. Аҭаацәа досу рыхәҭаа анрырҭо, ахәажә-ҵәы злоу зықәшәаз дымшуп ҳәа дрыҧхьаӡоит.
Хәажәкырамзазы амш акырынтә аҽеиҭанакуа иахьыҟоу азынгьы ирҳәоит абас еиҧш: "абгахәыҷы ԥҳәыс даанагоит, абга ду кылыԥшуеит". Иара убас "ақәыџьма аӡы ианҭабылгьо" ҳәа.
Ахәажә - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2020
"Ахәажәҵәы", "Анасыԥҵәы", ма аԥсуаа Хәажәкыра ишаԥыло
Мшаԥы – иамоуп авариантқәа: быӷьпытын, цәаӷәарамза. Амза ахьӡ аауеит амшаҧныҳәа аҟынтәи. Амшаԥныҳәазы аԥсуаа рҳаԥшьақәа хдыртуеит, ирыхныҳәоит, аныҳәа иазку аҩы ҭаҭәаны хазы аҳаԥшьа рзыҵоуп. Аныҳәараҿы ашьтәа ашьа карҭәоит. Аҳаԥшьаҿы инеины иныҳәо ахацәа роуп, аҳәса уахь ааигәа инеиӡом, аҳаԥшьа иахаԥшыргьы ҟалаӡом рҳәоит.
Ари амза инаркны "аԥсабара ҿыхоит" рҳәоит, аԥсуаа адгьыл аус адулара иалагоит, ицәаӷәоит.
Лаҵара — ари амзазы алаҵара иахьалаго адагьы, арахәааӡара знапы алаку анхацәа ашьха идәықәлоит, убри аҟынтә шьхацан ҳәагьы азырҳәоит. Шьхацан азы аҭаацәара аҩны аныҳәара мҩаҧыргоит ашьха ихало рныҳәара ахьӡала шьтәак шьны. Иара убас ахьшьцәагь амҩа ианықәло ӡык ахаҿгьы аныҳәара мҩаԥыргоит Аӡы иҭоу дырхылаԥшразы. Хазы Ашьха ныҳәа ҳәа иҟоу даҽа ныҳәаракгьы ҟарҵоит.
ашьха ӡиас - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2019
Аӡы амчра, мамзаргьы "Аӡы иҭоу" ҳәа аныҳәара шыҟарҵо
Рашәара – пертаба, ма кәыркәа хәыҷы ҳәагьы рҳәоит. Ажәа "кәыркәа" аҵакы еилкаам, аха аҧхынтәи ашоура акәзар ҟалап иаанарҧшуа. Пертаба ҳәа изҿу Дырмит Гәлиа ианҵамҭақәа рыла иаанаго чгароуп. Амза ахьӡ ари аамҭазы имҩаԥысуа анхамҩатә ус аанарҧшуеит. Ирацәоуп ари амзазы зныҳәарақәа мҩаҧызго аижәлантәқәа.
Ԥхынгәы – даҽа вариантк ала кәыркәа ду ахьӡуп, амра агылара иаҳа-иаҳа ианацло. Ари амзазы ақыҭақәа, аҳаблақәа рҟны, шамахамзар цуҭацыҧхьаӡа ацуныҳәа мҩаҧыргоит аарҩара ҟамларцаз, руҭраҭых, ршәыр, рџьықәреи уҳәа ҧхасҭа рмоурц, аамҭа алҧха роурц азы.
Нанҳәа – Анцәа иан лныҳәара иазку ақьабз амҩаҧгара аҟынтәи иаауа хьӡуп. Ажәа шоит ҩ-хәҭакны: "нан" — "ан", "ҳәа" — "аҳәара". Ари аныҳәара аҧсуаа аҿамаҿа адыргалоит. Жәытәла, Николаи Џьанашьиа ишиҩуаз ала аԥҳәыс еиҳабы лҭаацәа лыманы ауҭраҿы днеины рбаӷьк шьны дныҳәон. Иуҳәар ауеит аҽаҩра аныҳәа иазку мзоуп ҳәа. Ари амзазы иара убас имҩаҧыргоит аҵла аныҳәа иазку ақьабзгьы. Егьырҭ авариантқәа рыла марышмза ҳәагьы рҳәоит амра иӷәӷәаны иахьышуа азы.
Праздник урожая и молодого вина на поляне Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Нанҳәа: итрадициатәу аԥсуа ныҳәара амҩаԥгашьеи аҵаки
Цәыббра – ацәқәа анцәыббуа. Даҽа вариантқәак рыла лаҳачан, раҟәыбамзан (акакан анырыҟәшәо аамҭа).
Жьҭаара – аԥсуаа ари аамҭазы рыжьқәа рҭаауеит, аҩҿа ҭарҭәоит. Ари амза шьхалбаангьы иаамҭоуп – зырахә зманы ашьха ицаз ахьчацәа анылбаауа.
Абҵара – даҽакала гьаргәабамза ҳәа рҳәоит. Ари амзазы аԥсуаа имҩаҧыргон Гьаргь Ацқьа изку аныҳәара. Ари аныҳәара иазку анҵамҭа ҟаҵоуп раԥхьатәи аԥсуа етнограф Соломон Ажәанба иетнографиатә етиудқәа рҟны.
Мужчина ловит рыбу с пирса. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2017
"Ацәқәа анцәыббуа": амши аҵхи анеиҟароу
Ԥхынҷкәын – ас еиԥш ахьӡ аиуит Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа шыҟоу ала раԥхьатәи аӡын мза шакәугьы, амраԥхара ахьанубаало аҟынтәи. Ԥхынҷкәын даҽакала - аԥхын хәыҷы. Иара убас ари амза анынҵәалак ашьҭахь амра ҿыц агылара иаԥылоит. Егьырҭ авариантқәа рыла ӡынхы, лымтымза ҳәагьы иашьҭоуп.
Амзақәа рыхьӡқәа рыла иубарҭоуп урҭ ҵакыла акырӡа ишбеиоу. Мзацыԥхьаӡа ҩба-хԥа ныҳәара анымҩаԥырымго ыҟам. Иахьатәи аԥсуа амзари жәлар рамзари реишьашәаларақәагьы убоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0