Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҽакы иеиԥшмызт: ажурналист Саида Жьиԥҳа 2021 шықәса алкаақәа ҟалҵоит

© Sputnik / Леон Адлейба Саида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз ашықәс алкаақәа ҟаҵо, ажурналист Саида Жьиԥҳа илҳәеит илхамшҭуа хҭысқәаны лгәалашәараҿы ишаанхо аҩбатәи лышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" Ҭырқәтәыла аҭыжьреи, уаҟа аӡыргара аиҿкаареи.
Уи адагьы, апандемиа иахырҟьаны атәым ҳәынҭқарра ҩымзи бжаки алахареи, акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаҵареи, акоронавирус чымазара ахгареи, лҩыза Елеонора Коӷониаԥҳа лымширеи рыла.
2021 шықәса алагамҭазы снапы алакын Аԥсны иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу ажәытә ҩнқәеи акәасқьақәеи рфотосахьақәеи иаазыркьаҿу рҭоурыхқәеи зныԥшуа ашәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" аус адулара. Ааԥынразы акьыԥхьымҭа аҭыжьра ианазырхиаха, сыԥрит Ҭырқәтәылаҟа. Мшаԥы 14 ауха аҳаирплан тәеит Сҭампыл, сааҭқәак рышьҭахь адунеи иалаҵәаз апандемиа иахырҟьаны Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аанкылахеит аҿҳәара амырбакәа...
Аиашазы, шьҭахьҟа сымҩа ауадаҩрақәа ацлоит ҳәа сазхәыцыр сҭахымхеит, избанзар саԥхьаҟа аус ду шьҭан, Анкаратәи атипографиақәа руак аҟны сышәҟәы-альбом аҭыжьра иаздырхиахьан. Мшаԥымза анҵәамҭазы Измиҭ ақалақь инхо сҩыза Иуџьаль Сергьегьиаԥҳаи сареи уи ҳнапаҿы иҳауит. Лара лыҩнахьы ҳаныхынҳә адырҩаҽны, Ҭырқәтәыла ахада иусԥҟала ақалақьқәа рыбжьара аныҟәара аԥыхын, анаҩс 17 мшы ауаа рыҩнқәа рҟынтә адәылҵара ҟалом ҳәа атәыла аинформациа аларҵәан, уи аамҭазы есыҽны акоронавирус здырбалоз атәылауаа рхыԥхьаӡара 60 нызқь еиҳахеит аҟнытә.
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2018
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом
Ишԥаҳхаҳгеи арҭ амшқәа ҳәа шәҵаауазар, азнык азы адепрессиа сыхьит, аха сҩыза, ҳаԥхьаҟа ишьҭаз ашәҟәы аӡыргареи аныҟәарақәеи рыла сгәы лырӷәӷәон аҟнытә, сыгәҭынчымра еиқәтәеит. Акарантин ашьҭахь агәыӷра сыман Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит ҳәа, аха макьаназы уи аҩ-ганк алацәажәомызт.
Адәахьы адәылҵреи ақалақьқәа рыбжьара анеиааиреи азин аныҟала, Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа аныҟәарақәа сзеиҿылкаауа далагеит. Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭақәа жәпакы ҳарҭааит. Уантәи имаҷымкәа Sputnik асаит азы аматериалқәа аасышьҭуан, Facebook аҟны сдаҟьаҿы ишиашоу ицо аефирқәа мҩаԥызгон. Санҵамҭақәа збоз аӡәырҩы рыжәлантәқәа збозар адырра рысҭарц азы исыҳәон. Ус Хәаџьааи Озганааи аишьцәа аижәлантәқәа еибасырбеит авидео еимадарала.
Столетний дом Али Куадзба в селе Есмаханым в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
"Шәышықәса аԥсуа ибжьы ахьго": Али Кәаӡба иҭоурыхтә ҩны иазкны
Сышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" акәзар аҩаӡара ҳаракыла иӡырган Анкара, Сақариа, Измиҭ, Сҭампыл ақалақьқәа рҟны. Ари аус аиҿкаараҿы зџьабаа сыду Иуџьаль Сергьегьиаԥҳаи, Кадыр Абаӷбеи, Озқан Чкоки, Ердал Ҷыҭанааи, Қьамиль Маршьани, Рыдван Уассеи иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.
Ҭырқәтәыла саналаха, ҩымзи бжаки рышьҭахь ауп Аԥсныҟа саартә еиԥш ианыҟала. Акырӡа сзышьцылаз Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа абзиараз ҳәа лаҳәара даара исцәыуадаҩын, анреи, аиаҳәшьареи, аҩызареи сзызуаз аԥсуа ԥҳәыс исыдылбалаз аџьбаа ахә ашәашьа амам.
Аҩныҟа саныхынҳә, "акоронавирус злабмыхьи" ҳәа зегьы џьашьатәыс ирыман, избанзар ателехәаԥшрала есыҽны иалацәажәон апандемиа алагеижьҭеи Ҭырқәтәыла абриаҟараҩык ачымазцәа ҟамлацызт ҳәа. Анцәа имчала, асабрада абзоурала уҳәа атәым ҳәынҭқарра акоронавирус смыхькәа салҵит. Нанҳәамзазы "Спутник Лайт" алаҵа ҟасҵеит, уи ашьҭахь ҩымз ааҵуаны акоронавирус сыхьит. Азнык азы агәра сызгомызт, аха афҩи агьамеи анысцәыӡ еилыскааит ишҵабыргыз. Алаҵа иалҵшәахазар ҟалап имарианы иахьысхызгаз. Ашықәс хсыркәшеит "иахьа-уаҵәы" ҳәа акраамҭа ишьҭаз, ауаҭахқәа ахатәтәрахьы риагаразы ақьаад ус анагӡарала.
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Бжьышықәса асаит аҿы: ажурналист Саида Жьиԥҳа Sputnik Aԥсны лусура иазкны
2021 шықәсазы зегь раасҭа илахҿыхыз хҭысхеит сҩыза Елеонора Коӷониаԥҳа лымшира азгәаҭара. Лара мызкы шагыз, ишылҳәало еиԥш, "ивесиоленькиӡа еиҿышәкаа, асценари шәхәыц" ҳәа ҳабжьалгон Рада Ажьиԥҳаи, Зарина Басныкԥҳаи, сареи. Ҳаргьы "уахи ҽни уи ауп ҳзызхәыцуа" ҳәа алаф лылаҳхуан.
Ус иааит уи амш. Хәажәкыра 23 аҽны, Елеонора Коӷониаԥҳа лгәылҽанӡамкәа лышә аԥхьа лирамш ахьӡала артҟәацгақәа ԥаҳжәеит. Уи иақәымгәыӷуаз Елеонора "асценари ҳақәныҟәо ҳаауеит" ҳәа лаҳҳәеит. Аччареи алафи ҳшамҽхакыз, аресторан "Ерцахә" ҳцеит. Уаҟа џьоукы абанкет шрымаз ҳбеит.
Еицқәаз аишәа ҳнадтәалон еиԥш, ашә даалагылеит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа. Елеонора лирамш шыҟаз анеиликаа, дук мырҵыкәа ашәҭқәа иманы, "ибыдысныҳәалоит" ҳәа ҳганахь иҿааихеит. Иара ишьҭагыланы ашәҭ шьыҵәрақәа рыманы иааҳадгылеит аресторан аҿы итәақәаз Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент адепутатцәа гәыԥҩыки Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Хагәышьи. "Ҳасценари" ала еиҿкааз ҳҩыза лымшира агәалаҟазаара бзиа ҳнаҭеит, иаҳхамшҭуа ныҳәаны ҳгәалашәараҿы иаанхеит.
Ҳазҭалаз 2022-тәи ашықәс ҿыц зегьы реиԥш, саргьы агәыӷрақәа адысҳәалоит. Раԥхьа иргыланы анцәа сиҳәоит адунеи иалаҵәаз акоронавирус ҳалӡӡааны ицарц, агәабзиара ҳамазарц, ҳнапы злаку аусқәа ҳақәманшәалахарц.
Ҽаанбзиала!
Ажәабжьқәа зегьы
0